АЖӘАБЖЬҚӘА

* Жәабран 2024

Aҧшьаша, 29 Жәабран 2024 09:44

Аҧырсал. Ефтениа - Ҭырқәтәыла

Ҭырқәтәыла инхо , Апсны зынӡа иаанымхаз аԥсуа етнографиатә гәыԥ - аҳҷыԥсаа нхон Гәыбаадәы ҳәа иахьашьҭаз иаакәыршаны . Ари ҳдырраҭара азкуп  Ҭырқәтәыла аҳҷыԥсаа рацәаҩны иахьынхо Ефҭениа ақыҭа .

Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ
Aҧшьаша, 29 Жәабран 2024 09:27

Амшеикәшара 28.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи амузеи аҟны имҩаҧысит аишьцәа Анзори Зураби Ҭраҧшьаа ирызку ашәҟәы аӡыргара . Уи авторс дамоуп ажурналист , апрофессор Екатерина Бебиаҧҳа . Атема иацырҵоит ҳкорреспондентцәа

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Имҩаҧысит Аҧсны жәлар реизара изаамҭанытәу аилатәара. Жәларабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа ҳәаақәызҵо азакәан апроект ахәҭаҷқәа аиҭакрақәа алагалоуп. Аиҳабыра рхаҭарнакцәа Жәларабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рнапы анаҵарҩлак ашьҭахь, Жәлар реизарахь инарышьҭуазҭгьы, уажәшьҭарнахыс раҧхьа адепутатцәа ирыдгалахоит . Иара убас актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит азакәан апроектқәа хҧа; «Аҳәынҭқарратә аахәатәқәеи», «Авалиута аҭышәныртәалареи ахылаҧшреи», «Ашәахтәқәҵаратә система мариази».

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 28 Жәабран 2024 06:15

Амшеикәшара 27.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

«Дук иааналом аҧсышәала, аха исҳәароуп жәа хаала» - «Иареи лареи» раҧхьаӡакәны Аҧсуа драматә театр асценаҿы. Дырмит Гәлиа ипоема, абзиабара аазырҧшуа иажәеинраалақәеи еидызкылаз, аҧҳәызбеи арҧызбеи реизыҟазаашьа аазырҧшуа ақәыргыламҭа премиероуп. Арежиссиор Мадина Аргәынҧҳа иқәлыргылаз ари аспектакль, ахәаҧшцәа ргәаҵанӡа инеит. Ҳәара аҭахәума, арккаҩы, ҳмилаҭ литература ашьаҭаркҩы, жәлар рышәҟәыҩҩы аҭоурыхҭҵааҩы Дырмит Гәлиа ииубилеитә шықәсы азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧш зеиҧшу ақәыргыламҭа атеатр арепертурар иахьахәҭакхаз, иаҵанакуа рацәоуп. Апремиера шымҩаҧысыз, аспектакь шеиҿартәыз, уи иаанарҧшуаз уҳәа – Асида Малыиаҧҳа еиҭалҳәоит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша актәи, аҩбатәи, ахҧатәи акурс астудентцәа рхатә гәаҧхарала еиҿыркааит Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиеи агазеҭ Аҧсныи ирызкыз арҿиаратә хәылҧазы. Дара ирзалҵыз ҳҭыхратә гәыҧ ранҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иҧсы ҭаны дыҟазҭгьы, 65 шықәса ихыҵуан Кәтолтәи абаталион аибашьҩы гәымшәа , Аҧсны Афырхаҵа Заур Мамиа-иҧа Ҷантуриа . Аҧсадгьыл ахьчаҩ дҭахеит ҧхынҷкәын быжьба, зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәсазы Лабра ақыҭа имҩаҧысуаз ажәылараҿы. Афырхаҵа дыргәаладыршәеит ицеибашьуаз иҩызцәа , ақыҭауаа , ашколхәыҷқәа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Зықәра наӡам ахәыҷқәа ацәгьоура аныҟарҵа рахьырхәразы азакуантә шьаҭа аус шауа , дарабанызаалак ауаҩы ихымҩаҧгашьаз аҭакҧхықәра зду иара шиакәу, уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылан Аҧсны ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Мактина Џьынџьалҧҳа Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аҿы имҩаҧылгаз акласстә сааҭ аҿы. Уи ихы алаирхәит - аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут. Шәахәаҧш анаҩстәи ҳанаҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧхарра зцу амшқәа амашәыр рыцлеит . Аҧсны араионқәа рҿы абнақәа амца ркуа иалагеит . Амашәыр зыхҟьо ауаҩы инапы ауп. Идрыцқьо адгьылқәа амца анрыцрарҵалакь , ирзынкылаӡом, Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра адрымҧхьалакәа . Иҳәатәуп, амцакрақәа ирыцу ахарџь адагьы , аекологиагьы ишаҧырхагоу . Ажәабжь иацылҵоит Амра Зарандиаҧҳа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жәабран 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29