АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхаша, 07 Жәабран 2024

Aхаша, 07 Жәабран 2024 22:17

Амшеикәшара 07.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны аҵара аминистр Инал Габлиа дидикылеит Белгородтәи аҳәынҭқарратә технологиатә университет ахаҭарнак Сергеи Булгаков. Аиҧылара аҟны ирылацәажәан ауниверситети Аҧсны аҵара аминистрреи ирыбжьоу аимадара арҕәҕәара, астудентцәа ршәарҭадара, акадрқәа разыҟаҵара уҳәа азҵаарақәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 07 Жәабран 2024 22:12

Агәыҳалалратә хәылҧазы

Имҩаҧысит амилаҭтә сахьаҭыхымҭатә галереиа аиҭашьақәыргылара азҵаара адгыларазы Аҧсны акультура аҧшьгарала еиҿкааз агәыҳалалратә хәылҧазы. Иара мҩаҧган Ражден Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Ахәылҧаз аҿы иқәгылаз артистцәа зусҭцәоу, аҧара аизгара шымҩаҧысуаз, насгьы аҟәрышь ҷыдала изырхахо абарҭқәа рызҵаара аҭак ҳанҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Арион амшынеиқәафымцамч аҟәша аусзуҩцәа аҵх иаарымнахаанӡа аиҭашьақәыргылара иаҿын, аха изхьымӡазгьы ыҟан. Уи азы уахык ақыҭауаа лашарада иаанханы иҟан. Жәабран быжьба, ашьыжь сааҭқәак ирылагӡаны алашара рыҭан.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Изакәанымкәа аус зуа амаининг фермақәа рнаҩсгьы, шьҭарнахыс афымцеихшагақәагьы рымырхлоит. Аҧсны Жәлар Реизара ааҧынтәи асессиа раҧхьатәи аилатәараҿ абри аҩыза ақәҵара рыдыркылеит. Аилатәара ахаҭа Аҧсны агимн ала иаартын. Амшхәаҧштә аҿы жәаа зҵаара ықәгылан. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 07 Жәабран 2024 05:58

Амшеикәшара 06.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Очамчыра ақалақь аҩнеихагыла ахыб аҧша иахнахит , афымцамҩангага ацәаҳәақәа канажьит . Аҧхасҭа ахьыҟалаз аҭыҧқәа дырҭааит Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа . Ахҟьа-ҧҟьаҟәа ахьынӡанаӡо Алиас Корсаиа ианҵамҭаҿ .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҳәынҭқарра иазоунажьит шәи ҩынҩажәи жәаба миллион мааҭ аҧара , ҵыҧх аасҭа ҩынҩажәи жәаба миллион мааҭ рыла еиҳаны . Иааизакны аконкурс ахь инарышьҭхьоу апроектқәа уажәнатә ҧшьышә иреиҳауп . Урҭ ралҧшааразы имҩаҧысит акомиссиа аилатәара . Есышықәсатәи аҳәынҭқарратә программа анагӡашьа иазкуп Амра Зарандиаҧҳа ланҵамҭа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 07 Жәабран 2024 05:46

Алашара ахә ахшәаара

Аҧсны афымцанхамҩа аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Ари иҿыцу проблемаӡам. Алашара ахархәаҩцәа ртәы ҳҳәозар, ахәҧса ашәара хьысҳауп. Ари азҵаара ҭырҵаауан ҳкорреспондентцәа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Имҩаҧысит Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуеи Афон Ҿыц ақалақь активи реиҧылара. Шәахәаҧш уаҟа ҳкорреспондентцәа иҟарҵаз анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жәабран 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29