* Aшәахьа, 19 Жәабран 2024
Агәыҳалалратә уаххьа
Ҩажәи жәаҩык Аҧсны Жәлар рџьынтәылатә еибашьраан иҭахаз аиабшьцәа ранацәеи рыҳәса еибацәеи агәыҳалалратә уаххьа рзымҩаҧган.
Аҟәатәи «Аӡыршьҭра» ҩаҧхьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирҿуп
Аҟәа, Имам Шамиль имҩаду аҿы иҵоу аӡымҩанага ахәҭак аиҧшьырҭаҿы амашәыр ахьыҟалаз иахҟьаны, ақалақьи, Аҳабла ҿыци, Ажәытә ҳаблеи руааҧсыра ӡыда иаанхар акәхеит. Аусурақәа шцоз блала ирбеит ҳҭыхратә гәыҧ.
Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа иазалху ахыбра аҟны аусурақәа хацыркуп
Уажәазы ахыбра акәша-мыкәша , аҩныҵҟа дрыцқьоит. Анаҩс, апроект шьақәыргыланы, аҩбатәи аихагыла аҟны х-уадак еиҭашьақәдыргылоит.
Ҳреспубликаҿы апальмақәа ирҧырхагоу ахәаҷа цәырҵит. Ирҳәои аекологцәа?
Ааҧынра ааигәахацыҧхьаӡа, аҧсабараҿы еиуеиҧшым ахәаҷа -маҷақәа цәырҵуа иалагоит , урҭ раҧыхразы аҵиаақәа ирықәнаго ахәышәтәыгақәа рықәҭәатәуп. Убас, уажәы ҳреспуьликаҿы апальмақәа ирҧырхагоу ахәаҷа хкы цәырҵны иҟоуп, аиҳаракгьы дара алкаауп Гагреи Гәдоуҭеи рраионқәа рҿы .