

Аҧсуа ҭҵаарадырра иаиуит ацәыӡ ду. 63 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит аҭоурыхтә ҭҵаарадырақәа ркандидат, археолог, аетнолог, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы, амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара еснагь активла иалахәыз, Леон иорден занашьоу, аибашьра аветеран Руслан Барцыц.
Очамчыра араион аҿы акәзар, аибашьра ашьҭахь инаркны иахьа уажәраанӡа ашколқәа рҿы ауадақәа рзалхуп, иҟоуп ахатә хыбраҿы аус зуагьы. Дара еиҭашьақәыргылан ареспубликикатә биуџьеҭ ахарџь ала. Атема иацылҵоит Амра Зарандиаҧҳа.
Убас, аҵыхәтәантәи аамҭа иалагӡаны, Аҧсны аҵара аминистрра рнапы аларкит арҵаратә проектқәа ҧшьба. Дара зеиҧшроу, насгь лҵшәас иаиураны иҟоу ҳҭыхратә гәыҧ ранҵамҭаҿы.
Убри аҟнытә, иӡбоуп ари аҭыҧ иахьаҵанакуа аӡы ажәытә хьышьҭрахь аиагара. Уи азы уажәы аусурақәа мҩаҧнагоит Аилахәыра «Аҧсныҟәарахьчара».
Ари арыцхә инамаданы, Аҧсны змаҵзуратә уалҧшьа анагӡараан иҭахаз Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟа амҵан ишьҭаҵан ашәҭшьыҵәрақәа .
Иҧсҭазаара далҵит Аҧснытәи АССР акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы , аорден Ахьӡ-Аҧша ахҧатәи аҩаӡара занашьаз , Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Шьоҭа Мерцхәлаа . Ҩынҩажәи жәаҩа шықәса Шьоҭа Џьоџьа –иҧа аус иуан Очамчыратәи акультуратә хан аҿы , акыр шықәса ахан напхгарагьы аиҭон .