АЖӘАБЖЬҚӘА

* Жәабран 2024

Лара луаҭәа аҟәартәра ҭҧаны диит , уи арҽеиразы Аҳәаанырцә дҧырҟароуп. Убри азы Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аҧара аизгара хацнаркит, Уи лыхәшәтәра хышә нызқь мааҭ аҧара иаҧсоуп. Аамҭакьаҿк иалагӡаны шәареи, ҳареи ҳацхыраара ала уи еизгахар , Санель ддәықәҵахоит Ермантәылаҟа . Уаҟа аҳақымцәа лзыҧшуп.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 15 Жәабран 2024 12:12

Хьӡы игарц ауп ахаҵа дзиуа

Иҧсҭазаара далҵит Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Роман Инаҧшьба. Агәымшәараз амедал занашьаз Роман Лео-иҧа еснагь ижәлар рхьаа ихьаан, иҧсадгьыл дапатриотын

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҭырқәтәылатәи асаӡқыҭақәеи асаӡжәлақәеи ирызку адырраҭара . Аԥсны инымхаз аԥсуа жәлақәа рацәаны инхоит асаӡқыҭақәа рҿы .

 
Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ
Aхаша, 14 Жәабран 2024 12:38

Амшеикәшара 13.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 14 Жәабран 2024 12:33

Аҟәатәи ашьха ахаҿра аҧсахуеит

Ҳаҳҭнықалақь ҧаса ахаҿра аазырҧшуаз Аҟәатәи ашьха аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь, иаарласны аҽеиҭанакраны иҟоуп. Аусурақәа ахырқәшарахь инеиуеит аобиектқәа хҧа рҿы. Аҧшырҭатә ҭыҧи, аӡыршәи, аколлонада ахаҭеи. Аусурақәа мҩаҧысуеит Аҟәа ақалақь иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны. Амуниципалтә усбарҭа «Ақалақьргыларапроект» ауп аиҭашьақәыргыларатә усурақәа знапы рылаку. Аҟәатәи ашьха аҿынтә Наала Чхьынџьериаҧҳа ланҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи азы аҳәынқарратә биуџьет аҟны 33 миллион мааҭ инацны аҧара арбоуп.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 13 Жәабран 2024 06:07

Амшеикәшара 12.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҳаамҭазы адунеи зегь аҿы, афымцалашара аиҷаҳара ҳәынҭқарратә политиканы аиҳабыра рҿаҧхьа иқәгылоуп . Ҳтәылаҿы акәзар , афымцалашара аиҷаҳара ҧсыҽуп, уи моу уи ахархәаразы аҧара зегьы иахыршәаауам.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 13 Жәабран 2024 06:02

Олег Бебиа игәалашәара

Урыстәыла Украина имҩаҧнаго иҷыдоу аоперациаҿы хатәгәаҧхарала еибашьуз , аиааирагьы зхы ақәызҵаз Олег Бебиа игәаларшәара иазкыз ахәылҧаз мҩаҧган жәабран мза жәаҩа рзы, уи иалахәын аибашьҩы - аспортсмен ибзиан дыздыруаз иҩызцәа, иқәлацәа,иҭынхацәа.Гәыблыла дыргәаладыршәон. Ирҳәон еснагь изҿыҧшуаз, зыгәра газ ҩызаны дшыҟаз .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 13 Жәабран 2024 06:00

Идунеи иҧсахит Ҭыма Логәуа

Ҧшьынҩажәи хҧа шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит Џьгьарда ақыҭаҿы аиҳабыра ныҟәызгахьаз Ҭыма Сардион-иҧа Логәуа. Иара дыздыруаз зегьы гәалсра дула ирыдыркылеит иҧсҭазаара иалҵра.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жәабран 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29