

Ҩымчыбжьуп Аҧсны аекологиа аинститути , Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети, Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университети Пицуда астуденттә практика еицымҩаҧыргоижьҭеи. Аусмҩаҧгатә ахықәкы Сариа Кәарцхьиаҧҳа ланҵамҭаҿ.
Аҟәатәи «Аӡыршьҭра» аусзуҩцәа иааиуа амш ирзаанаго рыздырӡом. Ҽынлеиҧш уахынлагьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирҿуп амш рацәак ишырнамҭогьы.
Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә унитартә наплакы «Абхазпродекспорт» Агәыӡератәи ашәыри ауҭраҭыхи рышьҭаҵарҭа, рыҵәахырҭа, иахьатәи аамҭазы ишахәҭоу аус ауртә еиҧш аҭагылазаашьа амам. Иҟоуп ауадаҩрақәа. Уи иахҟьаны ирыдыркылараны иҟаз аалыҵ ахыҧхьаӡара акыр иагхеит. Анаплакы аусура зыруадаҩуа амзызқәа Наала Чхьынџьериаҧҳа ланҵамҭаҿы.
Аҧсны Жәлар реизара, аҳәынҭқарратәи азинтәи политикеи рзы аилак аилатәараҿы «Аҳәынҭқарратә маҵзура» азы азакәан апроект аӡыргара мҩаҧысит. Ари апроект аус адуларазы иаҧҵан аусутә гәыҧ. Азакәан хықәкыс иамоу анҵамҭаҿы.