АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 02 Жәабран 2024

Aхәаша, 02 Жәабран 2024 08:41

Амшеикәшара 01.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҟәа ақалақь Омар Бегәеи Имам Шамили рымҩақәа реихысырҭаҿ аӡымҩангагақәа реиҧшьырҭаҿы амыругақәа руак аусура иаҟәыҵит хымш раҧхьа. Анаплакы аӡыршьҭра аусзуҩцәа уи зыхҟьаз иаразнак ишьақәыргыланы арҽеира нап адыркит. Аусурақәа ирыцыз ауадаҩрақәа Даур Инаҧшьба ианҵамҭаҿ.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ашьапы иаакәыршаны аҕьара иаҿуп,-рҳәоит аспециалистцәа. Ааҧынра аҵла еиҳа еинҭәыларазы џьара-џьара амахәқәа хдырффоит. Шәахәаҧш Гәдоуҭатәи ателехәаҧшраҿынтә иҳауз анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура аиҵаҟьара, аҵаратә процесс аиҧырҟьара, ауаажәларра агәыҭҟьа раргара хықәкыс иамоуп ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа зны-зынла ҭелла анонимцәа иҟарҵо адырраҭарақәа. Аиҧш-зеиҧшу ахҭыс аҭыҧ аман ааигәа иара ҳара ҳҿгьы. Аҧсны ашьауҕатә закәанеидкыла излаҳәо ала ари терроризмуп. Уи аҧшьызго аҭакҧхықәра ҕәҕәа рыдҵахоит. Инарҭбааны ажәабжь ҳзеиҭалҳәоит Шьазина Ханагәуаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жәабран 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29