* Aсабша, 10 Жәабран 2024
Aсабша, 10 Жәабран 2024 18:23
Гәдоуҭа ақалақь аҿы раҧхьаӡа акәны иаатит «Аекоклуб» азы ауада
Уи алыршахеит Гәдоуҭа араион аҵара аҟәшеи Риҵатәи ареликтә милаҭтә ҳәырҧсарреи рыбзоурала, Уи еиднакылоит аекологиа иазҿлымҳау, аҧсабара еиҷаҳауа ауаа
Икьыԥхьуп
НОВОСТИ - АГТРК
Aсабша, 10 Жәабран 2024 18:20
Арыцҳара иақәшәаз цхыраарада иаанхом
Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан мызкы аҧхьа иҟалаз амцакраан ааха роуит Ҵәыџьаа рҭаацәара. Уи моу, 60 шықәса зхыҵуаз аҧҳәыс амашәыр дамҭахәхоит. Хыҵакырҭада иаанхаз аҭаацәа аказарма аҿы инхоит. Амашәыр иақәшәаз ирҳәеит, аҩны рхатәы мчқәа рыла аиҭашьықәыргылара шырцәыуадаҩхо адгылара рмоур. Дара ацхыраара рыҭаразы агәыҳалалратә фонд «Барақьаҭ» алаҳәара ҟанаҵеит изылшо аҧара, мамзаргьы аргыларатә маҭәахәқәа рыла зыҩны блыз ирыцхраарц.
Икьыԥхьуп
НОВОСТИ - АГТРК
Aсабша, 10 Жәабран 2024 18:17
Аҟәа ақалақьтә еизара аилатәара
Аҟәатәи ақалақьтә еизара аҿы имҩаҧысит изаамҭанитәу аилатәара. Амш аусхәаҧштә аҿы иқәгылан хы-зҵаарак. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Икьыԥхьуп
НОВОСТИ - АГТРК