АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҧшьаша, 22 Жәабран 2024

Aҧшьаша, 22 Жәабран 2024 06:15

Амшеикәшара 21.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

«Дырмит Гәлиа ҳгәадура» захьӡыз алитературатә хәылҧазы мҩаҧган Баграҭ Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аҿы. Ашколхәыҷқәа еиҿыркааз ақәгылара дахәаҧшырц даҭааит Аҧсны аҵара министр Инал Габлиа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Амилаҭ доуҳа зырбеиоз арҿиамҭақәа ахьиуаз аҩнаҿы.Абраҟоуп иахьеиҭаигаз аӡәырҩы аҳәаанырцәтәи ашәҟәыҩҩ дуқәа рҩымҭақәа , адунеи еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа , апоетцәа , аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа ахьидикылоз . Аусмҩаҧгатә иалахәын арҿиаратә интеллигенциа ахаҭарнакцәа, аҿар. Амра Зарандиаҧҳа иацылҵоит ажәабжь.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Дызхыҧшылоз ҳәа акгьы имамкәа , илиршаз ҳмилаҭ азы еиқәырхагоуп . Ҳмилаҭтә культура аҵкарқәа зегьы рхыҵхырҭақәа зегьы зыдҳәалоу Дырмит Гәлиа ихьӡ ауп . Ари арыцхә инамаданы, Аҟәа ақалақь аҟны игылоу Жәлар рпоет ибаҟа амҵан ихырхәаны ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба,атәыла Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, апарламент адепутатцәа,аминистрцәа,ашәҟәыҩҩцәа,аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа,астудентцәеи ашколхәыҷқәеи.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жәабран 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29