* Aҧшьаша, 15 Жәабран 2024
Афельдшер-акушертә пунктқәа русура еиҿкаауп ақыҭақәа рҿы
Очамчыра араион аҿы акәзар, аибашьра ашьҭахь инаркны иахьа уажәраанӡа ашколқәа рҿы ауадақәа рзалхуп, иҟоуп ахатә хыбраҿы аус зуагьы. Дара еиҭашьақәыргылан ареспубликикатә биуџьеҭ ахарџь ала. Атема иацылҵоит Амра Зарандиаҧҳа.
Есышықәса Аҧсны ашколхәыҷқәа рхы рыладырхәуеит еиуеиҧшым аолимпиадақәеи аицлабрақәеи
Убас, аҵыхәтәантәи аамҭа иалагӡаны, Аҧсны аҵара аминистрра рнапы аларкит арҵаратә проектқәа ҧшьба. Дара зеиҧшроу, насгь лҵшәас иаиураны иҟоу ҳҭыхратә гәыҧ ранҵамҭаҿы.
Баслахә ақыҭа иалсуа аӡиас Аалӡга ақыҭамҩа аҧхасҭа анаҭеит амшцәгьақәа раан
Убри аҟнытә, иӡбоуп ари аҭыҧ иахьаҵанакуа аӡы ажәытә хьышьҭрахь аиагара. Уи азы уажәы аусурақәа мҩаҧнагоит Аилахәыра «Аҧсныҟәарахьчара».
Ҩажәи жәохә шықәса ҵит Асовет Еидгыла Архәҭақәа Афганистан иалыргеижьҭеи
Ари арыцхә инамаданы, Аҧсны змаҵзуратә уалҧшьа анагӡараан иҭахаз Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рбаҟа амҵан ишьҭаҵан ашәҭшьыҵәрақәа .
Иҧсҭазаара далҵит аорден Ахьӡ-Аҧша ахҧатәи аҩаӡара занашьаз Шьоҭа Мерцхәлаа
Иҧсҭазаара далҵит Аҧснытәи АССР акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы , аорден Ахьӡ-Аҧша ахҧатәи аҩаӡара занашьаз , Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Шьоҭа Мерцхәлаа . Ҩынҩажәи жәаҩа шықәса Шьоҭа Џьоџьа –иҧа аус иуан Очамчыратәи акультуратә хан аҿы , акыр шықәса ахан напхгарагьы аиҭон .
Ҩ-шықәса зхыҵуа Санель Самсониа ҳацхыраара лҭахуп!
Лара луаҭәа аҟәартәра ҭҧаны диит , уи арҽеиразы Аҳәаанырцә дҧырҟароуп. Убри азы Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аҧара аизгара хацнаркит, Уи лыхәшәтәра хышә нызқь мааҭ аҧара иаҧсоуп. Аамҭакьаҿк иалагӡаны шәареи, ҳареи ҳацхыраара ала уи еизгахар , Санель ддәықәҵахоит Ермантәылаҟа . Уаҟа аҳақымцәа лзыҧшуп.
Хьӡы игарц ауп ахаҵа дзиуа
Иҧсҭазаара далҵит Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Роман Инаҧшьба. Агәымшәараз амедал занашьаз Роман Лео-иҧа еснагь ижәлар рхьаа ихьаан, иҧсадгьыл дапатриотын