* Aшәахьа, 26 Жәабран 2024
Aшәахьа, 26 Жәабран 2024 21:24
Москва имҩаҧысит Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазкыз ахәылҧаз
Москва имҩаҧысит аҧсуа литература апатриарх, арккаҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазкыз ахәылҧаз. Уи иалахәын Урыстәылатәи Афедерациа аҿы иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа, Гәлиаа рҭаацәара ахаҭарнакцәа. Ахәылҧаз еиҿкаан Москватәи аҧсуа диаспора ахадара амч ала. Ажәабжь иацылҵоит ҳкорреспондент Нонна Кәакәасқьырҧҳа.
Икьыԥхьуп
НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 26 Жәабран 2024 21:22
Есышықәса еиҧш, сынтәагьы агәыҧ «Дельфин» иалахәыз аибашьцәа еиқәшәеит
1993 шықәса, жәабран мза 25 рзы, Мрагыларатәи афронт Кәтолтәи аибашьцәа ргәыҧ «Дельфин» еиднакылоз аибашьцәа ироуз адҵа инақәыршәаны, ажәылара еиҿыркааит қырҭтәыла архәҭақәа рхырҕәҕәарҭақәа реилаҧыххааразы. Уи иалыҵшәахаз ҳкорреспондентцәа ранҵамҭаҿ.
Икьыԥхьуп
НОВОСТИ - АГТРК