
Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Адрес электронной почты редакции: info@agtrk.tv
Реклама на сайте: тел.: +7 (840) 226-11-44 е-mail: news@agtrk.tvОчамчыра араион Ҷлоу ақыҭан мызкы аҧхьа иҟалаз амцакраан ааха роуит Ҵәыџьаа рҭаацәара. Уи моу, 60 шықәса зхыҵуаз аҧҳәыс амашәыр дамҭахәхоит. Хыҵакырҭада иаанхаз аҭаацәа аказарма аҿы инхоит. Амашәыр иақәшәаз ирҳәеит, аҩны рхатәы мчқәа рыла аиҭашьықәыргылара шырцәыуадаҩхо адгылара рмоур. Дара ацхыраара рыҭаразы агәыҳалалратә фонд «Барақьаҭ» алаҳәара ҟанаҵеит изылшо аҧара, мамзаргьы аргыларатә маҭәахәқәа рыла зыҩны блыз ирыцхраарц.