АЖӘАБЖЬҚӘА

* Жәабран 2024

Арион амшынеиқәафымцамч аҟәша аусзуҩцәа аҵх иаарымнахаанӡа аиҭашьақәыргылара иаҿын, аха изхьымӡазгьы ыҟан. Уи азы уахык ақыҭауаа лашарада иаанханы иҟан. Жәабран быжьба, ашьыжь сааҭқәак ирылагӡаны алашара рыҭан.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Изакәанымкәа аус зуа амаининг фермақәа рнаҩсгьы, шьҭарнахыс афымцеихшагақәагьы рымырхлоит. Аҧсны Жәлар Реизара ааҧынтәи асессиа раҧхьатәи аилатәараҿ абри аҩыза ақәҵара рыдыркылеит. Аилатәара ахаҭа Аҧсны агимн ала иаартын. Амшхәаҧштә аҿы жәаа зҵаара ықәгылан. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 07 Жәабран 2024 05:58

Амшеикәшара 06.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Очамчыра ақалақь аҩнеихагыла ахыб аҧша иахнахит , афымцамҩангага ацәаҳәақәа канажьит . Аҧхасҭа ахьыҟалаз аҭыҧқәа дырҭааит Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа . Ахҟьа-ҧҟьаҟәа ахьынӡанаӡо Алиас Корсаиа ианҵамҭаҿ .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҳәынҭқарра иазоунажьит шәи ҩынҩажәи жәаба миллион мааҭ аҧара , ҵыҧх аасҭа ҩынҩажәи жәаба миллион мааҭ рыла еиҳаны . Иааизакны аконкурс ахь инарышьҭхьоу апроектқәа уажәнатә ҧшьышә иреиҳауп . Урҭ ралҧшааразы имҩаҧысит акомиссиа аилатәара . Есышықәсатәи аҳәынҭқарратә программа анагӡашьа иазкуп Амра Зарандиаҧҳа ланҵамҭа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 07 Жәабран 2024 05:46

Алашара ахә ахшәаара

Аҧсны афымцанхамҩа аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Ари иҿыцу проблемаӡам. Алашара ахархәаҩцәа ртәы ҳҳәозар, ахәҧса ашәара хьысҳауп. Ари азҵаара ҭырҵаауан ҳкорреспондентцәа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Имҩаҧысит Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуеи Афон Ҿыц ақалақь активи реиҧылара. Шәахәаҧш уаҟа ҳкорреспондентцәа иҟарҵаз анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҟәа ақалақь иахьаҵанакуа ҳаблақәак рҿы аҵлақәа каҳаит, иҟоуп афымца мҩангага ацәҳәақәагьы ааха ахьроуз. Иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара ахҟьа - ҧҟьақәа раҧыхразы аусура иалагеит иаха инаркны.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 07 Жәабран 2024 05:30

Амшеикәшара 05.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жәабран 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29