АЖӘАБЖЬҚӘА

* Жәабран 2024

Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан мызкы аҧхьа иҟалаз амцакраан ааха роуит Ҵәыџьаа рҭаацәара. Уи моу, 60 шықәса зхыҵуаз аҧҳәыс амашәыр дамҭахәхоит. Хыҵакырҭада иаанхаз аҭаацәа аказарма аҿы инхоит. Амашәыр иақәшәаз ирҳәеит, аҩны рхатәы мчқәа рыла аиҭашьықәыргылара шырцәыуадаҩхо адгылара рмоур. Дара ацхыраара рыҭаразы агәыҳалалратә фонд «Барақьаҭ» алаҳәара ҟанаҵеит изылшо аҧара, мамзаргьы аргыларатә маҭәахәқәа рыла зыҩны блыз ирыцхраарц.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aсабша, 10 Жәабран 2024 18:17

Аҟәа ақалақьтә еизара аилатәара

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аҿы имҩаҧысит изаамҭанитәу аилатәара. Амш аусхәаҧштә аҿы иқәгылан хы-зҵаарак. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхәаша, 09 Жәабран 2024 12:05

Амшеикәшара 08.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аргыларатә усурақәа хацыркын ҩнызқьи ҩажәи ҩбатәи ашықәс азы. Астанциа ӡыла еиқәнаршәалоит ақыҭақәа Ӡыгәҭа, Баслаҭа, Кьалашәыр. Апроект х-етапкны ишоуп.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 08 Жәабран 2024 21:52

Неџьиҳа Арҩыҭааҧҳа лҭоурых

Шьамтәылантәи зыҧсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәхьаз Неџьиҳа Арҩыҭааҧҳа- аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргеит. Ан, афырҧҳәызба, зҧацәа аҧсадгьыл абзиабара рылаӡаара зылзыршаз, гәалсра дула лыҧсҭазаара лалҵра рыдыркылеит дыздыруаз зегьы. Лара ҩыџьа лыҷкәынцәа Аҧсны ахақәиҭразы еибашьуан. Аӡәы фырхаҵарала дҭахоит. Неџьиҳа анышә дамардеит Аҧсны.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 08 Жәабран 2024 07:22

Есть вопрос. Азҵаара ҳамоуп.

За свет платят только 20% населения. Как спасти абхазскую энергетику? Закон об энергетике блокирует развитие отрасли? Почему задерживают некоторых граждан Абхазии при пересечении границы ? Имеют ли к этому отношение власти Абхазии? Негативный фон Абхазии : кто его создаёт и чем чреват? Много острых вопросов главе администрации Президента Абесалому Кварчия.

 
Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ
Aхаша, 07 Жәабран 2024 22:17

Амшеикәшара 07.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны аҵара аминистр Инал Габлиа дидикылеит Белгородтәи аҳәынҭқарратә технологиатә университет ахаҭарнак Сергеи Булгаков. Аиҧылара аҟны ирылацәажәан ауниверситети Аҧсны аҵара аминистрреи ирыбжьоу аимадара арҕәҕәара, астудентцәа ршәарҭадара, акадрқәа разыҟаҵара уҳәа азҵаарақәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 07 Жәабран 2024 22:12

Агәыҳалалратә хәылҧазы

Имҩаҧысит амилаҭтә сахьаҭыхымҭатә галереиа аиҭашьақәыргылара азҵаара адгыларазы Аҧсны акультура аҧшьгарала еиҿкааз агәыҳалалратә хәылҧазы. Иара мҩаҧган Ражден Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Ахәылҧаз аҿы иқәгылаз артистцәа зусҭцәоу, аҧара аизгара шымҩаҧысуаз, насгьы аҟәрышь ҷыдала изырхахо абарҭқәа рызҵаара аҭак ҳанҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жәабран 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29