АЖӘАБЖЬҚӘА

* Жәабран 2024

Раҧхьатәи аномер аҭыҵра даара акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит аҧсуа милаҭтә кьыҧхь азы. Шьаҭаркҩысгьы , редакторсгьы даман арккаҩы , жәлар рпоет Дырмит Гәлиа . Агазеҭ аҿиара амҩа хьанҭан, иуадаҩын, аха ус шакәызгьы, аҧсуа милаҭ рҿахәы зҳәоз акәны иҟан. Иахьагьы агазеҭ «Аҧсны» ахықәкы наныгӡоит. Иара иахәҭакуп «Аҧсны медиа» гәыҧ, уи иабзоураны агазеҭ иамоуп аелектронтә версиагьы . Шәахәаҧш анҵамҭа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 26 Жәабран 2024 21:25

Амшеикәшара 26.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Москва имҩаҧысит аҧсуа литература апатриарх, арккаҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра иазкыз ахәылҧаз. Уи иалахәын Урыстәылатәи Афедерациа аҿы иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа, Гәлиаа рҭаацәара ахаҭарнакцәа. Ахәылҧаз еиҿкаан Москватәи аҧсуа диаспора ахадара амч ала. Ажәабжь иацылҵоит ҳкорреспондент Нонна Кәакәасқьырҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

1993 шықәса, жәабран мза 25 рзы, Мрагыларатәи афронт Кәтолтәи аибашьцәа ргәыҧ «Дельфин» еиднакылоз аибашьцәа ироуз адҵа инақәыршәаны, ажәылара еиҿыркааит қырҭтәыла архәҭақәа рхырҕәҕәарҭақәа реилаҧыххааразы. Уи иалыҵшәахаз ҳкорреспондентцәа ранҵамҭаҿ.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aмҽыша, 25 Жәабран 2024 20:31

Амчыбжь 25.02.2024

Иахьатәи аҭыжьымҭаҿы:

00:15 Амҩаҧгаҩ Асмаҭ Гәниа

01:10 Амчыбжь азы иалкааз ажәабжьқәа ааркьаҿны.

04:30 Урыстәылеи Белоруссиеи Ридгыла алалара ахатәы хьыҧшымра еиқәырханы,ишәыдаагалоит аполитолог ихҳәаа.

12:15 Аҧсуа поет,апрозаик,адраматург,атеатр актиор.Рушьни Џьопуа иҧсы ҭазтгьы жәабранмза ҩажәи хәба рзы ихыҵуан ҧшьынҩажәи жәаба шықәса.Аҟаза инысымҩа иазку анҵамҭа.

19:45 Аргыларатә гәам-сам иахьахәҭам аҭыҧқәа рҿы.Ари атема иазкуп ҳанҵамҭа ҷыда.

 
Икьыԥхьуп Амчыбжь
Aсабша, 24 Жәабран 2024 23:13

Сабшала 24.02.2024

Иахьатәи ҳҭыжьымҭаҿы:

01:05 1. Аҟазара ашкол;

09:20 2 Хәы змаӡам –акадрқәа –аенергетикцәа реиҵааӡара алзыршо акласс;

17:40 3. Ателербагақәа рыдагьы аинтернет ресурсқәа рахь ииасыз ахәаҧшцәа рҭахрақәа ирықәшәома Амилаҭтә телехәаҧшра адаҟьа .

25:03 4. Дырмит Гәлиа диижьҭеи шәи ҩынҩажәи жәаба шықәса аҵра иазку амузыкалтә-сахьаркыратә композициа.

Абарҭ атемақәеи егьырҭ ажәабжьқәеи ҳарзааҭгылоит асабшатәи ҳҭыжьымҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ
Aсабша, 24 Жәабран 2024 06:33

Амшеикәшара 23.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Хәажәкыра мза аламҭалаз Гәылрыҧшь араион аҿы иаадыртраны иҟоуп агәамсам аус адуларҭатә ҭыҧ. Ҧшьынҩажәи жәаба процент аусурақәа нагӡоуп. Ҳҭыхратә гәыҧ аҭааит уи аҭыҧ. Ирбаз ираҳаз атәы анҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны аҵара аминистр Инал Габлиа ибзоурала хышықәса ҵуеит Урыстәылатәи арҵаҩцәа-аметодистцәа аҧышәеимдаразы ареспублика иаҭаауеижьҭеи. Сынтәа дара алекциақәа мҩаҧыргоит Гәдуоҭа араион аҟны. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар реизара Жәларабжьаратәи апараламент бжьаратәи, ҳџьынџьуаа реимадареи рзы аилак аиалатәара. Уаҟа иахәаҧшын Жәларабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа ҳәаақәызҵо азакәан апароект ахәҭаҷқәа аиҭакрақәа ралагалара .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жәабран 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29