АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aсабша, 03 Лаҵара 2025

Aсабша, 03 Лаҵара 2025 19:55

Аспорт адунеи 02.05.2025

Икьыԥхьуп Аспорт адунеи
Aсабша, 03 Лаҵара 2025 19:45

Амшеикәшара 02.05.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Арҭ амшқәа рзы агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» ахаҭарнакцәа Ҟарачы-Черкесиа иаҭааны Нина Агирова лхаҭа аҧара лырҭеит. Аҧара аизгара ҳтәылаҿы шықәсык аҧхьа ирылаҳәан. Ас еиҧш акциа амҩаҧгара хықәкыс иаман аибашьҩы иан лҭагылазаашьа аиҕьтәра. Еизгоу аҧара азкхоит Черкесск ақалақь аҿы ауада лзаахәара. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иаха Тҟәарчал иасыз аҧшатлакә иахҟьаны ахатәы ҩнқәа рхыбқәа рыхнахит. Амшцәгьа ашьҭахь иҟалаз аҭагылазаашьа аилкааразы шьыжьнаҵы Тҟәарчал ақалақь иаҭааит Аҧсны Аҧыза-министр Владимир Делба, иара убасгьы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа. Амшцәгьа ахҟьа-ҧҟьақәа раҧыхреи, афымцатә цәаҳәақәа реиҭашьақәыргылареи рзы аусурақәа цоит. Аҧша иҟанаҵаз аҧхасҭа шә-миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Лаҵара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29 30 31