АЖӘАБЖЬҚӘА

Aсабша, 03 Лаҵара 2025 19:38

Иаха Тҟәарчал иасыз аҧшатлакә иахҟьаны ақалақь шә-миллион мааҭ рҟынӡа аҧхасҭа аиуит

Иаха Тҟәарчал иасыз аҧшатлакә иахҟьаны ахатәы ҩнқәа рхыбқәа рыхнахит. Амшцәгьа ашьҭахь иҟалаз аҭагылазаашьа аилкааразы шьыжьнаҵы Тҟәарчал ақалақь иаҭааит Аҧсны Аҧыза-министр Владимир Делба, иара убасгьы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа. Амшцәгьа ахҟьа-ҧҟьақәа раҧыхреи, афымцатә цәаҳәақәа реиҭашьақәыргылареи рзы аусурақәа цоит. Аҧша иҟанаҵаз аҧхасҭа шә-миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

 

Media

Архив новостей

« Ԥхынгәы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31