АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 30 Лаҵара 2025

Aхәаша, 30 Лаҵара 2025 09:48

Амшеикәшара 29.05.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Лаҵарамза ҩажәи ааба инаркны рашәарамза акынӡа Аҟәа Нижни-Новгород амшқәа мҩаҧысуеит. Уи азы хыҧхьаӡарала ҧшьышә-ҩык инарзынаҧшуа ҳаҳҭнықалақь асасцәа аҭоуп. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахоит аспектакльқәа, аконцертқәа, аҟазаратә цәыргақәҵақәа, аспорттә турнирқәа, аетникатә хәылҧазқәа, арҵаҩцәа рзын асеминарқәа,аҵаҩцәа рзын аҟазаратә классқәа. Имҩаҧысит «Аҧсны аритмқәа» захьӡу аиашьаратә қалақьқәа Аҟәеи Нижни-новгороди ринклиузивтә форум. Уи аҵакы ҳаиллыркаауеит Фатима Гьергьиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Жәиҧшь шықәса ҵит жәлар рыбзиабара иалнахыз, Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаҧшь иҧсҭазаара далҵиижьҭеи. Сергеи Уасил-иҧа Аҧсны ахадас далхын 2004 шықәса рзы. 2008 шықәса рзы Сергеи Багаҧшь напхгара зиҭоз Арбџьармчқәа ҭоурыхла Аҧсны иахәҭакыз Кәыдрытәи аҩхаа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҿынтә ахы иақәиҭыртәит. Иара убри ашықәсан Аҧсны жәларбжьаратәи азхаҵара ауасхыр азышьҭеиҵеит. Урыстәыла иазханаҵеит Аҧсны ахьыҧшымра. Урыстәылеи Аҧсни аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵан аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы. 2009 шықәса рзы Сергеи Багаҧшь атәыла ахадас аҩынтә раан далхын. Сергеи Багаҧшь игәалашәара аҿаҧхьа ихырхәарц Џьгьарда ақыҭа иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Владимир Делба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар реизара адепутатцәа, араионқәа рнапхгаҩцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Лаҵара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29 30 31