

Италиатәи акомедиа ҧсышәала ицәажәараны иҟоуп. Аҧсуа сценаҿы иқәыргылахоит «Иҕычуа зегьы рҳәыҩцәам» ҳәа захьӡу ақәыргыламҭа. Аҧсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аҿы алаф ҵары ақәыргыларазы аҽазыҟаҵарақәа еилашуеит. Ааҧхьара имоуп арежиссиор, Ачинтәи адраматә театр асахьаркыратә напхгаҩы, Никита Рак. Аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын ҳҭыхратә гәыҧ.
Аҧсны зҽаҧсазтәыз аҟазара аусзуҩы, акомпозитор, амузыкадырҩы, СССР акомпозиторцәа реидгыла алахәыла Алықьса Чычба диижьҭеи шәы-шықәса аҵра инамаданы имҩаҧысит аконференциа. Ихьӡ зху амузыкатә ҵараиурҭа аҟны иаадыртит ибиуст. Аусмҩаҧгатә иаҭааит Алықьса Чычба иҭынхацәа, акультура аминистрреи Аҧсны иҟоу Роострудничествеи рхаҭарнакцәа, акультуреи аҟазареи знапы алаку ауааҧсыра.
Арҭ амшқәа рзы араҟа имҩаҧысуеит Кавказтәи аинвестициатә форум.Тема хаданы ишьҭыхуп «Аинвестицатә мҩа-иацы, иахьа, уаҵәы». Афорум аҿы ицәыргоуп ҳреспублика аинвестициатә проектқәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп аҿиара иаҿу Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.