

Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аҧсуа бызшәа аҿиаразы агәыҳалалатә фонд, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаҧнагеит иҧсабаратәым аинтеллект аҧсуа бызшәала арцәажәаразы апроект аӡыргара. Уи иалахәын астудентцәа реиҧш аҵарауааи арҵаҩцәеи. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Ашәҟәыҩҩы игәаларшәара иазку аиҧылара мҩаҧысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы . Уи иалахәын Қьаазым Агәмаа ихьӡ зху иқыҭа гәакьа Ӷәадатәи абжьаратъ школ аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, иуацәа, иҭынхацәа .
Ашьха ӡыхьеиҧш ахьахьа-хьаҳәа аҧсшәа бзиа избоит сара, иамаӡамкуа хьаҳәа-ҧаҳәа иқәыҩҩлааит Аҧсынра. Еихышәшәа ицо арҭ ацәаҳәақәа равтор Баграт Шьынқәба диит лаҵарамза 12 рзы. Аҧсны Жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгатәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, Ахьӡ-Аҧша аорден актәи аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауриат Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 108 шықәса аҵра иазкны ҳтәылаҿы аусмҩаҧгатәқәа еиҿкаан. Аҟәа, ашәҟәыҩҩы ибаҟа аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит, игәалашәара аҿаҧхьа ихырхәеит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, аҧыза-министр Владимир Делба, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, аинтелегенциа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.