
Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Адрес электронной почты редакции: info@agtrk.tv
Реклама на сайте: тел.: +7 (840) 226-11-44 е-mail: news@agtrk.tv«Ритм Абхазии» аешьара зыбжьоу Аҟәеи Нижни Новгороди раҧхьатәи жәларбжьаратәи аинклиузивтә форум аҩбатәи амш азы аусура иацнаҵеит. Уаҟа ажәахәқәа рыманы иқәгылеит алахәылацәа. Урҭ зегьы зылшарақәа ҧку еиуеиҧшым аҧсҭазаара ахырхырҭақәа рҿы аҭагылазаашьақәа рзаҧҵара иазкын. Иҳәан аҧышәа атәы. Иҟаҵан ажәалагалақәа.
Нижни Новгород еиҿкааны иҟоу арратә патриоттә лагер ҵыҧхтәи ашықәс азы Аҧснытәи ашколхәыҷқәа алахәын,«Хочу стать десантником»-ҳәа захьӡу ари алагер аҿы ахәыҷқәа қәҿиарала рхы аадырҧшит.Ҳаҳҭнықалақь аҿы имҩаҧысуа Нижнии Новгород амшқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиҿкаан алагер алахәылацәеи уи аиҿкааҩцәеи реиҧылра. Шәахәаҧш анаҩстәи ҳанҵамҭа .