

Самсон Ҷанба ихьӡ зху аҧсуа драматә театр аҿы Аҧсны раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба изку агәырҕьатә еилатәара мҩаҧысит. Атеатр афоие аҿы иаатит Аҧсны раҧхьатәи ахада изку мышктәи афотоцәыргақәҵа . Аусмҩаҧгатәқәа рхы рыладырхәит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба , аҧыза-министр Владимир Делба , аминистрцәа реилазаара алахәылацәа , адепутатцәа , ауаажәларра .
Аҧсны жәлар рҭоурых аҿы ирҳәоит , ес-ииуа ирыциуа , ес-иҧсуа ирыцыҧсуа фырхаҵоуп ҳәа . Лаҵарамза жәиҧшь рзы Аҧсны актәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи ҧшьынҩажәа шықәса ҵит. Ҳтәыла ахы-аҵыхәа араионқәа зегьы рҿы иазгәаҭоуп аусмҩаҧгатәқәа . Шьыжьнаҵы , Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан ҳаамҭазтәи аҧсуа ҳәынҭқарра еиҭашьақәзыргылаз Владислав Арӡынба имемориалтә комплекс аҿаҧхьа ихырхәарц иаҭааит атәыла анапхгара, аибашьра аветеранцәа, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.