

«Ҩ-ҧшаҳәак рыбжьара» - абас ахьӡуп арҭ амшқәа рзы шәызҭаар ауа асахьаҭыхҩы Борис Ашәба хаҭалатәи ицәыргақәҵа. Иусумҭақәа реиҳарак амҳаџьырра атема иадҳәалоуп. Иҧсадгьыл ахь имоу агәыбылра аарҧшуп иусумҭақәа рҿы. Ацәыргақәҵа аартхеит Иван Кортуа ихьӡ зху ареспубликатә жәлар рҟазаратә центр иатәу ацәыргақәҵатә зал аҿы. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Иҧсҭазаара далҵит Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Мықәтәи ачаитә совнхара аҿы еиҿкааз абаталион «Алан» акомандаҟаҵаҩыс иҟаз Мирон Џьынџьал. Аибашьҩы гәымшәа ихыҵуаз хынҩажәи ҩба шықәса ракәын.
Аҧсны апрокуратура хада, аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, атуризм аминистрра, аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынқарратә еилакы , арҭ аусбарҭақәа рҿы аиҧыларақәа мҩаҧысит. Урҭ Аҧсны Ахада иусҧҟала ишьақәырҕәҕәаз аминистрцәеи аколлективқәеи реиҧылара иазкын. Бадра Гәынба ҧасатәи анапхгаҩцәа русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, ҿыц иалху ахыдҵа ҿыцқәа рзықәиргылеит.