

Аиааира ду амш аламҭалаз, Аҧсны абжьаратә ҵараиурҭақәа рҿы уи азгәаҭара иазкны аусмҩаҧгатәқәа еиҿыркаауеит. Кондрат Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи алицеи -интернат аҿы аныҳәа иазкыз апрограмма атәы анаҩстәи анҵамҭаҿы.
Уи аҿы еихшьаалан ҩымзтәи аҵаратә курс алҵшәақәа. Ари аамҭа иалагӡаны Гагра араион аҵаҩцәа адронқәа рырҧырразы атеориатәи атехникатәи аспектқәа ҭырҵаауан. Сариа Кәарцхьиаҧҳа еиҳа инарҭаабны дазааҭгылоит ари атема.
Владимир Путин ифонд агрантқәа рҟынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы иҭахаз рбаҟақәа Аҧсны реиҭашьақәыргыларазы ирзоужьын миллионк-миллионк мааҭ аҧара. Убас еиҭашьақәыргылаз абаҟақәа руак аартын Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.
Аҧсны ауаажәларра гәалсра дула ирыдыркылеит еицырдыруа ашәҟәыҩҩ, аҧсуа литература аклассик Алықьса Ноча-иҧа Гәогәуа иҧсҭазаара иалҵра. Алықьса Ноча-иҧа аҧсуа милаҭтә культура дахаҿроуп. Иара ирҿиара акырӡа иҵаулоуп. Ашәҟәыҩҩы илшеит амилаҭтә литература аҳәаақәа рырҭбаара.«Амацәыс агьама», «Асду» реиҧш иҟоу иаҧҵамҭа дуқәа адунеитә литература иахәҭакхеит.Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩ,ауаажәларратә усзуҩ, СССР-и, Урыстәылеи, Аҧсныи рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла, жәларбжьаратәи адыгатәи академиа аҳаҭыртә академик,Аҧсны Анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу адоктор, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат,Ахьӡ-аҧша аорден актәи аҩаӡара уҳәа ианашьоу аҳамҭа ҳаракқәа рацәоуп Алықьса Гогәуа.Ашәҟәыҩҩ ду аҧсшәахь еиҭеигеит Достоевски,Толстои,Платонов,Федин,Хьемингуеи, Коллоди уҳәа еицырдыруа адунеитә классикцәа раҧҵамҭақәа. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла гәалсрыла ирыдашшылоит зыҧсҭазаара иалҵыз Алықьса Ноча-иҧа Гогәуа иҭаацәа.