

Уи аҿы маҭәарцыҧхьаӡа аиааира згараны иҟоу абитурентцәа алшара роуеит ҧышәарада иалырхыз азанааҭ ала ауниверситет аҭалара. Аолимпиада амҩаҧысшьа, уи заҟа мшы азыҧҵәоу Наала Чхьынџьериаҧҳа ланҵамҭаҿ.
Аҧхынразы ҳтәыла иаҭаауа аҧсшьацәа ашәарҭадара рзаҧҵаразы ишьақәыргылоу анормақәа рықәныҟәара, атуристцәа рымаҵ зуа амашьынақәа рыҧсҟы зку ауаа рхымҩаҧгашьа ацклаҧшра, аҧсшьацәа аҳәаа рахысра аан иҟалоу агәаранқәа уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит Аҧыза-министо ихаҭыҧуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут араионқәа рхадацәеи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭа ахаҭарнакцәеи алархәны имҩаҧигаз аилацәажәараҿы. Иарбан зҵаарақәоу еиҳа инарҭбаан излацәажәаз ҳзеиҭалҳәоит Фатима Гергьиаҧҳа.
Ари арыцхә инамаданы, азеиҧштә ҵараиурҭаҿы аныҳәатә усмҩаҧгатә еиҿкаан. Уи рхы аладырхәит аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аҵара аминистр Хана Гәынҧҳа, адепутатцәа, араион анапхгара, ауаажәларра.