АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҩаша, 13 Лаҵара 2025 08:20

Аҧсны Жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгатәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы Б. Шьынқәба диижьҭеи 108 ш. ҵит

Ашьха ӡыхьеиҧш ахьахьа-хьаҳәа аҧсшәа бзиа избоит сара, иамаӡамкуа хьаҳәа-ҧаҳәа иқәыҩҩлааит Аҧсынра. Еихышәшәа ицо арҭ ацәаҳәақәа равтор Баграт Шьынқәба диит лаҵарамза 12 рзы. Аҧсны Жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгатәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, Ахьӡ-Аҧша аорден актәи аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауриат Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 108 шықәса аҵра иазкны ҳтәылаҿы аусмҩаҧгатәқәа еиҿкаан. Аҟәа, ашәҟәыҩҩы ибаҟа аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит, игәалашәара аҿаҧхьа ихырхәеит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, аҧыза-министр Владимир Делба, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, аинтелегенциа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.

 

Media

Архив новостей

« Цәыббра 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30