АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхәаша, 30 Лаҵара 2025 09:42

Жәиҧшь шықәса ҵит Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаҧшь иҧсҭазаара далҵиижьҭеи

Жәиҧшь шықәса ҵит жәлар рыбзиабара иалнахыз, Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаҧшь иҧсҭазаара далҵиижьҭеи. Сергеи Уасил-иҧа Аҧсны ахадас далхын 2004 шықәса рзы. 2008 шықәса рзы Сергеи Багаҧшь напхгара зиҭоз Арбџьармчқәа ҭоурыхла Аҧсны иахәҭакыз Кәыдрытәи аҩхаа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҿынтә ахы иақәиҭыртәит. Иара убри ашықәсан Аҧсны жәларбжьаратәи азхаҵара ауасхыр азышьҭеиҵеит. Урыстәыла иазханаҵеит Аҧсны ахьыҧшымра. Урыстәылеи Аҧсни аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵан аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы. 2009 шықәса рзы Сергеи Багаҧшь атәыла ахадас аҩынтә раан далхын. Сергеи Багаҧшь игәалашәара аҿаҧхьа ихырхәарц Џьгьарда ақыҭа иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Владимир Делба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар реизара адепутатцәа, араионқәа рнапхгаҩцәа.

 

Media

Архив новостей

« Рашәара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30