АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aшәахьа, 26 Лаҵара 2025

Aшәахьа, 26 Лаҵара 2025 23:38

Амшеикәшара 26.05.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Италиатәи акомедиа ҧсышәала ицәажәараны иҟоуп. Аҧсуа сценаҿы иқәыргылахоит «Иҕычуа зегьы рҳәыҩцәам» ҳәа захьӡу ақәыргыламҭа. Аҧсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аҿы алаф ҵары ақәыргыларазы аҽазыҟаҵарақәа еилашуеит. Ааҧхьара имоуп арежиссиор, Ачинтәи адраматә театр асахьаркыратә напхгаҩы, Никита Рак. Аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын ҳҭыхратә гәыҧ.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны зҽаҧсазтәыз аҟазара аусзуҩы, акомпозитор, амузыкадырҩы, СССР акомпозиторцәа реидгыла алахәыла Алықьса Чычба диижьҭеи шәы-шықәса аҵра инамаданы имҩаҧысит аконференциа. Ихьӡ зху амузыкатә ҵараиурҭа аҟны иаадыртит ибиуст. Аусмҩаҧгатә иаҭааит Алықьса Чычба иҭынхацәа, акультура аминистрреи Аҧсны иҟоу Роострудничествеи рхаҭарнакцәа, акультуреи аҟазареи знапы алаку ауааҧсыра.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Арҭ амшқәа рзы араҟа имҩаҧысуеит Кавказтәи аинвестициатә форум.Тема хаданы ишьҭыхуп «Аинвестицатә мҩа-иацы, иахьа, уаҵәы». Афорум аҿы ицәыргоуп ҳреспублика аинвестициатә проектқәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп аҿиара иаҿу Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 26 Лаҵара 2025 11:50

Аҟәыбҷа. Амиреи Амири Маланӡиаа

Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ
Aшәахьа, 26 Лаҵара 2025 11:49

Аҧырсал. Ҵабал-Немли

Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ
Aшәахьа, 26 Лаҵара 2025 11:45

Амчыбжь 25.05.2025

Уахатәи ҳҭыжьымҭаҿы:

  • Аполитика, аекономика, асоциалтә хырхарҭа. Амчыбжь ахҭыс хадақәа рыхҳәаа.
  • Аҧхынтәи аҧсшьара хьчоуп. Амилициа аусзуҩцәа акурорттә сезон азы ашәарҭадара азҵаара ҭакҧхықәрала иазнеуеит, ҳтәыла акурорттә ҭыҧқәа рҿы русура дырҕәҕәоит. Уи атәы ҳанҵамҭа ҷыдаҿы.

-Ахәыҷтәы ҧарақәеи ан лмали зауз Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аҧсны инхо анацәа рызҵаара аӡбаразы изныкымкәа аҳәара ҟарҵахьеит. Уи апроблема аҭҵаареи, аӡбаразы азакәантә шьаҭала амҩақәа рыҧшаареи рзы иаҧҵаз аусуратә гәыҧ алахәыла Жәлар реизара адепутат Дауҭ Хәытаба иҿцәажәара.

  • Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Анаука-ҭҵааратә центр Курчатовтәи аинститути аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳазҭоу амчыбжь азы.

       Аҧсны Афырхаҵа Виктор Тәанба имшироуп лаҵарамза ҩажәи хәба рзы. Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи ҳҭыжьымҭаҿы. Ииашәымган.

Икьыԥхьуп Амчыбжь
Aшәахьа, 26 Лаҵара 2025 11:43

Сабшала 24.05.2025

Иахьатәи ҳҭыжьымҭаҿы:

00.10 Амҩаҧгаҩ-Шьазина Ханагәуаҧҳа.

04.10 Аҵарадырра аеҵәақәа. Х-ҩык аушьҭымҭацәа ахьтәы медал аиуразы рыхьӡ ҳәоуп.

12.40 Ҳазыҟаҵома ҳашәхымц иаалагылаз амшынҭалара асезон.

17.27 Ахаҵара ициит, иагьиҭынхеит, ахааназ кьаҭара зқәым Ахьӡ-Аҧша ацны. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аветеран Даур Шларба иҭоурых

Икьыԥхьуп Сабшала

Архив новостей

« Лаҵара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29 30 31