Адырраҭарақəа

Амчыбжь 25.05.2025

Уахатәи ҳҭыжьымҭаҿы:

  • Аполитика, аекономика, асоциалтә хырхарҭа. Амчыбжь ахҭыс хадақәа рыхҳәаа.
  • Аҧхынтәи аҧсшьара хьчоуп. Амилициа аусзуҩцәа акурорттә сезон азы ашәарҭадара азҵаара ҭакҧхықәрала иазнеуеит, ҳтәыла акурорттә ҭыҧқәа рҿы русура дырҕәҕәоит. Уи атәы ҳанҵамҭа ҷыдаҿы.

-Ахәыҷтәы ҧарақәеи ан лмали зауз Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аҧсны инхо анацәа рызҵаара аӡбаразы изныкымкәа аҳәара ҟарҵахьеит. Уи апроблема аҭҵаареи, аӡбаразы азакәантә шьаҭала амҩақәа рыҧшаареи рзы иаҧҵаз аусуратә гәыҧ алахәыла Жәлар реизара адепутат Дауҭ Хәытаба иҿцәажәара.

  • Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Анаука-ҭҵааратә центр Курчатовтәи аинститути аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳазҭоу амчыбжь азы.

       Аҧсны Афырхаҵа Виктор Тәанба имшироуп лаҵарамза ҩажәи хәба рзы. Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи ҳҭыжьымҭаҿы. Ииашәымган.

Media

Иҵегь ари акатегориаҟны « Амчыбжь 18.05.2025