АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҧшьаша, 20 Рашәара 2024

Aҧшьаша, 20 Рашәара 2024 22:04

Амшеикәшара 20.06.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны «Аҳаракырахь амҩа» захьӡу ашколхәыҷқәа раолимпиадаҿы иаиааиз абитуриентцәа адипломқәа ранаршьеит. Иҳәатәуп, олимпиадаҿы маҭәарцыҧхьаӡа аиааира згаз аушьҭымҭацәа, алшара шроуз аҧышәарақәа мҭиӡакәа ауниверситет аҭалара. Адипломқәа ранашьаразы еиҿкааз агәырҕәаратә усмҩаҧгатә иалахәын Аҧсны ахада иусбарҭа аиҳабы Абессалом Кәарҷиа, атәыла афинансқәа рминистр Владимир Делба. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсуаҭҵаарадырреи акультуреи рҿы зеиҧшҟамлац ахҭыс ҟалеит. Аҭыжьырҭа «Academia» аҟны акьыҧхь абеит аа-томкны иҟоу аҧсуаа нарҭтә епос. Уи аредактор аиқәыршәаҩыс дыҟоуп Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, академик, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахәаанырцәтәи алахәыла Зураб Џьапуа. Иара ҩажәатәи ашәышықәса ҧшьынҩажәатәи ашықәсқәа раахыс аепикатә текстқәа реизакреи реихшареи далагахьан. Аматериалқәа аҭыжьра разырхиаразы аусура хықәкыла ихацыркхеит ҩнызқьи хәба шықәсазы. Ашәҟәқәа еидыркылоит иахьанӡа еиқәханы иҟоу аҧсуаа рҿаҧыцтә культура адоуҳатә баҟа хада Нарҭаа ирызку аҳәамҭақеи урҭ рвариантқәеи харҭәааны. Жәа- томкны иҟоу аҭҵаарадырратә академиатә ҭыжьымҭа лагала духоит кавказдырраҿы , иара убас адунеитә епикатә традициақәа рыҭҵаараҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Макьаназы рылҵшәақәагьы еиуеиҧшым, иҟоуп аихьӡарақәа убасгьы иахьрықәымҿиазгьы. Аха урҭ раҧхьатәи еиндаҭларақәоуп, макьана ирзыҧшуп егьырҭ аиҧыларақәагьы. Ажәабжь иацылҵоит Асида Саҕариаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 20 Рашәара 2024 05:55

Амшеикәшара 19.06.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 20 Рашәара 2024 05:52

Алаф ашҭа

Алаф ауаҩы игәалаҟазаара шьҭнахуеит. Иарбан жәларызаалакгьы рлафҳәара ианыҧшуеит рмилаҭтә ҷыдарақәа. Аҧсны акәультура аминистрра апроект «Алаф ашҭа» ахәылҧаз мҩаҧган Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит ауаажәларратә усзуҩы,аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Аҧсны Жәлар реизара аҩбатәи ааҧхьара адепутат Ҭенгьыз Габуниа. Ҭенгьыз Махаз-иҧа наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәарц иааит Гагра раион ахадара, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҵараауа, аинтеллигенциа. Шәхәаҧш Сариа Кәарцхьиаҧҳа иазлырхиаз анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ашахмат, абырзен-римтәи ақәҧара, абокс аспорт хкқәа рыҟны иқәгылеит иахьа. Аиндаҭларақәа ҭихуеит Аҧсуа телехәаҧшра аоператор Нарсоу Ҵылкьиа. Имҩаҧысуа ахәмаррақәа рҟынтәи иааиҧмырҟьаӡакәа авидеокадрқәеи аиҿцәажәарақәеи ҳзааишьҭуеит. Иахьатәи аицлабратә мшы иазку анҵамҭахь ҳаиасаанӡа аспорт хҳәааҟаҵаҩ Адгәыр Гәынба иаазырҟьаҿны дазааҭгылоит иахьатәи аихьӡарақәа ртәы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Рашәара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30