АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҧшьаша, 27 Рашәара 2024

Aҧшьаша, 27 Рашәара 2024 23:02

Амшеикәшара 27.06.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Очамчыра ақалақь аҟны иаартуп ашколхәыҷқәа ргәабзиара ахьдырҕәҕәо аҧхынтәи ахәыҷтәы ҧсшьарҭа, убасгьы иаарласны ашколқәа рҿы иҟаҵахоит аспорттә дәқәа, Казан имҩаҧысыз аҵара аминистрцәа аҩбатәи жәларбжьаратәи рфорум ахықәкы, - уҳәа атемақәа жәпакы дырзааҭгылеит аҵара аминистр Инал Габлиа имҩаҧигаз апресс -конференциаҿы. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Очамчыра араион Ҕәада ақыҭа ашҟа уназгоу амҩа акаҭран ықәырҵеижьҭеи акыр шықәсқәа ҵуеит. Убри иахҟьаны акырџьара иҭаҧыҽҽит. Уажәы аҳәынҭқарра ацхыраарала еиҭашьақәдыргылоит. Аусурақәа рынагӡара иазоужьуп аашә- нызқь мааҭ аҧара.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи темас иаман «Аҧсны аҭоурых ахыҵхырҭақәа: урҭ рҟазшьарбагеи рыхәшьареи» - ҳәа. Аҵарауаа ҿарацәа реиҧылара далахәын Аҧсны Ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 27 Рашәара 2024 22:46

Амшеикәшара 26.06.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҭоурых еидызкыло амҩақәҵагашәҟәы ҭыҵит . Акультуратә хәышҭаара –амузеи аҿиара амҩа иазку адыррақәа анылеит, еизгоуп ҳаҧсуа жәлар ркультура, рҭоурых. Ашәҟәы редакторс дамоуп Аркади Џьопуа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны ашколқәа рҿы иалагалатәуп аҧсуара амаҭәар ҳәа, даҽазныкгьы азҵаара шьҭырхит Аҧсны асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр имҩаҧнагаз астол гьежь аҿы. Тема хаданы иқәгылан ахаҭареи ауаажәларреи рышьақәыргылараҿы аҵарадырра факторк аҳасабала. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 27 Рашәара 2024 22:31

Аушьҭымҭацәа рзы аныҳәа

Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧысит ашкол иалгаз аҵаҩцәа рбал. Уахь имҩахыҵыз ирзыҧшын аконцерттә программа. Аусмҩаҧгатә иалахәын Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаа, Жәлар Реизара адепутатцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Рашәара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30