АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aсабша, 01 Рашәара 2024

Aсабша, 01 Рашәара 2024 09:23

Амшеикәшара 31.05.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсуаа ркультура аазырҧшуа акәашара ауп уажәы ҳазлацәажәарц иаҳҭаху. Ростов имҩаҧысуаз Урыстәылазегьтәи алитература-фольклортә фестиваль Аҧснынтәи иалахәын Кандид Ҭарба ихьӡ зху жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә ансамбль «Кавказ». Аҭыҧантәи ахәаҧшҩы агәахәара ду инаҭеит ари аколлектив ақәгылара. Шәахәаҧш анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш ныҳәа аламҭалаз Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Калдахәаратәи ашколи Аҟәатәи алицеи аинтернатқәа дырҭааит. Аҳамҭақәа риҭеит. Ажәабжь иацылҵоит Алика Ҭраҧшьҧҳа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҩ-нызқьи ҩажәи хҧа шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет анагӡашьазы азакәан рыдыркылеит жәлар реизара адепутатцәа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аҧхьараҿы. Иҳаҩсыз ашықәсазтәи амилаҭтә банк аҳасабрба шьақәдырҕәҕәеит адепутатцәа. Ирыдыркылеит иҳәынҭқарратәым ф-биуџьетк рфондқәа рынагӡашьазы аҳасабырба. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа афымцанхамҩа аҭагылазаашьеи, Ареспублика асоциал–економикатә ҿиаразы аинвестициатәи, ақыҭанхамҩа арҿиареи, анхарҭақәа рзы хықәкылатәи аҳәынҭқарратәи программақәа рынагӡашьа азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаҧигеит. Уи иалахәын аҧыза-министр Александр Анқәаб, Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Амшынеиқәафымцамч анапхгара, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа. Инеизакны ари аилацәажәараҿ иззааҭгылаз Лаура Қаҧшьҧҳа ланҵамҭаҿ.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Рашәара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30