АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҩаша, 11 Рашәара 2024

Aҩаша, 11 Рашәара 2024 21:54

Амшеикәшара 11.06.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ахәаҷақәа еиҳа аҧхасҭа зырҭо аҵиаақәа, насгьы урҭ рыхәышәтәра шалшо анаҩстәи анҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Ахақәиҭра ашҭаҿы аспортсменцәа ақәҿиара дуқәа рзеиҕьеишьеит Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба. Иара убас аспортсменцәа наскьаргон Аҧыза- министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аиустициа аминистр Анри Барцыц, атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа, аспорт аветеранцәа, аспортсменцәа рыуацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.Ажәабжь ҳзеиҭалҳәоит Адица Саҕариаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 11 Рашәара 2024 08:55

Амшеикәшара 10.06.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Рашәарамза жәаба инаркны, мчыбжьык иалагӡаны Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧыслоит арҵаҩцәа рыквалификациа аизырҳаразы акурсқәа. Уи иалахәуп Аҧсны ашколқәа рҿы абиологиеи ахимиеи амаҭәарқәа зҭиуа арҵаҩцәа. Акурсқәа еиҿнакааит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аквалификациа аизырҳареи акадрқәа реиҭазыҟаҵареи ацентр. Ажәабжь иацылҵоит ҳкорреспондент Наала Чхьынџьериаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Рашәарамза 12 рзы, Шәача, Аӡынтәи атеатр аҟны иқәгылоит афортепианатә дует Пиано Дуо, Аҧсны жәлар рартист Нинель Бжьаниа , Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Гәлиза Аҩӡба. Иара убасгьы, аконцерт иалахәуп аҳәынҭқарратә акамертә оркестр. Аконцерт амҩаҧгара хықәкыс иамоуи, изызкыуи аинформациатә маҵзура Спутник аҟны ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит уи аиҿкааҩцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Анхацәа рыҩнқәа аҩарӡ рыҩналеит. Ибааӡеит рцәарҭамаҭәа, рымаҭәа, иҧхасҭахеит архьшәашәагақәа, ателевизорқәа, афымца техникатә мыругақәа. Араион ахадараҿы иаҧҵоуп акомиссиа. Уи аӡбамҭала, арыцҳара иақәшәаз анхацәа ацхыраара рыҭара иалагоит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Рашәара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30