АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҩаша, 18 Рашәара 2024

Aҩаша, 18 Рашәара 2024 22:17

Амшеикәшара 18.06.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Сынтәа еиҿкаарала акурорттә сезон аҧылараз ҳреспубликаҿы аҧсшьаҩцәа рацәаҩны изҭаауа аҭыҧқәа рҟны имҩаҧгоу аусурақәа маҷӡам, уажәгьы урҭ ирыцҵоуп. Шәахәаҧш Гәдоуҭа ҳкорреспондентцәа иҭырхыз анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҵыхәтәантәи амшцәгьақәа раан Кындыҕ ақыҭа иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду ахықә хышә метра инарзынаҧшуа аӡы иҵнаӡәӡәааит. Уажәы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа нап дыркуп.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны ахада иусбарҭа ацхыраарала, Аҟәа имҩаҧысуа «Акультуратә марафон» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩаҧхьа акультуратә платформа «ГУМА» аҿы имҩаҧган аҵарадырратә лекциа «Аҧсны жәлар рашәа ҳаамҭазтәи адунеиаҿ» захьӡыз. Аҿар рҿаҧхьа дықәгылон амузыкант, адирижиор, акомпозитор, Аҧсны жәлар рартист, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла асахьаркыратә напхгаҩы Нодар Ҷанба. Алекциақәа дырҭааит атәыла ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа. Ажәабжь иацылҵоит Наала Чхьынџьериаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 18 Рашәара 2024 22:03

Брикс алыҵшәақәа

Данил Харчлаа зых иақәиҭу аиқәҧаразы хынҩажәи хәба кьыла зкапануа рыбжьара аџьаз медал даҧсахеит. Иара Китаинтәи аспортсмен дииаит жәеиза - ноль ҳәа. Убасгьы ари аиндаҭлараҿы ахҧатәи аҭыҧ ааникылеит Мураҭ Кәакәасқьыр.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Рашәара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30