АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҧшьаша, 06 Рашәара 2024

Aҧшьаша, 06 Рашәара 2024 22:46

Амшеикәшара 06.06.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Рашәарамза фба, зқьи жәшәи хынҩажәи жәаа шықәсазы Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Аҧснытәи обком ахыбраҿы имҩаҧгаз аилатәараҿы Аҧснытәи АССР аконституциа рыдыркылеит. Уи аҧсуа жәлар аҿагылан. Аҭоурыхтә хҭысқәа рымҩаҧысшьа анаҩстәи ҳанҵамҭаҿ.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Раҧхьатәи -ахатәы бызшәа иазкын. Уажәазы ахҧатәи аҧышәара иахысхьеит ажәбатәи ажәеизатәи аклассқәа рҵаҩцәа. Аҵаҩцәа рдырра ашьақәырҕәҕәара иацу агәы хыҭ-хыҭра Лаура Қаҧшьҧҳа илзеиҭарҳәеит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Азнеишьа ҷыда, еиуеиҧшым амаругақәа уҳәа, араҟа иаҧҵоуп аҭагылазаашьа зылшарақәа ҧку ахәыҷқәеи адуцәеи ареабилитаца иахысразы. Ацентр иахьа ҳаамҭазтәи аусушьа, иагыу-иабзоу Сариа Кәарцхьиаҧҳа ланҵамҭаҿы

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҳџьынџьуаа ҿарацәа азҿлымҳара рыҭоуп. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилак аҿы аус ауеит апрограмма. Уи аҿар Аҧснытәи университет аҿы аҵара рҵартә алшара рнаҭоит. Зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз астудентцәа рҭоурых шәҳардыруеит. Иабанӡауадаҩыз дара рзы ари аҩыза ашьаҿа аҟаҵара? Ажәабжь иацылҵоит Наала Чхьынџьерниаҧҳа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 06 Рашәара 2024 22:26

Амшеикәшара 05.06.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 06 Рашәара 2024 22:20

Изеиҧшрахоузеи сынтәа аҧхынра?

Ҳазҭалаз рашәарамзазы аҳауа аҧхарра шыҟоу иаанхома, мамзаргьы маҷк илаҟәуама.. Абарҭ азҵаарақәа рҭак ҳкорреспондентцәа ранҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҳтәыла иреиҳау аҵараиурҭа аҿы астудентцәа- адипломтә усумҭақәа рыхьчара аамҭа ааины иаарыдгылеит. Рашәарамза хәба рзы рхы ҧыршәон аҭоурыхтә факультет астудентцәа. Дара иаадырҧшыз адыррақәа зеиҧшроу ҳкорреспондентцәа ранҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны ақалақьқәеи, араионқәеи, ақыҭақәеи ирыбжьоуп ауаажәларратә транспорти амаршруттә таксиқәеи. Ҳкорреспондентцәа еилыркаауан урҭ русушьа шеиҿкаау,еиҳаракгьы аҧхын аҧсшьаҩцәа рхыҧхьаӡара ианацло аамҭазы .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Рашәара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30