АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҧшьаша, 20 Рашәара 2024 21:44

Аҭыжьырҭа «Academia» аҟны акьыҧхь абеит аа-томкны иҟоу Аҧсуа Нарҭтә епос

Аҧсуаҭҵаарадырреи акультуреи рҿы зеиҧшҟамлац ахҭыс ҟалеит. Аҭыжьырҭа «Academia» аҟны акьыҧхь абеит аа-томкны иҟоу аҧсуаа нарҭтә епос. Уи аредактор аиқәыршәаҩыс дыҟоуп Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, академик, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахәаанырцәтәи алахәыла Зураб Џьапуа. Иара ҩажәатәи ашәышықәса ҧшьынҩажәатәи ашықәсқәа раахыс аепикатә текстқәа реизакреи реихшареи далагахьан. Аматериалқәа аҭыжьра разырхиаразы аусура хықәкыла ихацыркхеит ҩнызқьи хәба шықәсазы. Ашәҟәқәа еидыркылоит иахьанӡа еиқәханы иҟоу аҧсуаа рҿаҧыцтә культура адоуҳатә баҟа хада Нарҭаа ирызку аҳәамҭақеи урҭ рвариантқәеи харҭәааны. Жәа- томкны иҟоу аҭҵаарадырратә академиатә ҭыжьымҭа лагала духоит кавказдырраҿы , иара убас адунеитә епикатә традициақәа рыҭҵаараҿы.

 

Media

Архив новостей

« Ԥхынгәы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31