АЖӘАБЖЬҚӘА

Aҧшьаша, 20 Рашәара 2024 21:46

ААУ аҟны ашколхәыҷқәа ролимпиадаҿы аиааира згаз абитуриентцәа адипломқәа ранаршьеит

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны «Аҳаракырахь амҩа» захьӡу ашколхәыҷқәа раолимпиадаҿы иаиааиз абитуриентцәа адипломқәа ранаршьеит. Иҳәатәуп, олимпиадаҿы маҭәарцыҧхьаӡа аиааира згаз аушьҭымҭацәа, алшара шроуз аҧышәарақәа мҭиӡакәа ауниверситет аҭалара. Адипломқәа ранашьаразы еиҿкааз агәырҕәаратә усмҩаҧгатә иалахәын Аҧсны ахада иусбарҭа аиҳабы Абессалом Кәарҷиа, атәыла афинансқәа рминистр Владимир Делба. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 

Media

Архив новостей

« Ԥхынгәы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31