АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 01 Хәажәкыр 2024

Aхәаша, 01 Хәажәкыр 2024 06:19

Амшеикәшара 29.02.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Адгьыл ақәаарыхра, ашәырхкқәа реихаҳара, урҭ реилыхра уҳәа анахацәа ааҧын азы рнапы зларкша аусқәа рацәоуп. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ақыҭанхамҩа аинститут аҿы акәзар, ӡынгьы-ҧхынгьы аусура еилашуеит. Араҟа ирааӡоит хкы рацәала ашәырҵлақәа, наукала иазнеины иҭҵааны ауп рус шымҩаҧырго. Аҧсныҟа иҭаргало ашәырхкқәа, адгьыли аҳауеи иахьынӡарнаало еилкааны аус рыдырулоит. Ажәабжь иацылҵоит Фатима Гьергьиа- ҧҳа

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхәаша, 01 Хәажәкыр 2024 06:15

Ахба Роман игәалашәара

Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргон иаҳхысыз аибашьра раҧхьатәи амш инаркны зыҧсадгьыл ахьчараз абџьар аанызкылаз Роман Ахба . Иара иџьабаа аҳәынҭқарра аганахь ала ахә ҳаракны ишьан. Ианашьан Леон иорден .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Акцизқәеи , аҩы злаҟарҵо аалыҵқәеи рганахь ала азакуан аҧсахрақәа алагалоуп .Ишьақәырҕәҕәоуп агәабзиарахьчара сынтәатәи хықәкылатәи аусбарҭабжьаратә программа. Ареспублика Аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа рзы ахәшәқәеи амедицинатә мыругақәеи раахәара иазоужьуп шәи-ҧшьынҩажәи жәаба миллион мааҭ. Аибашьра аинвалидцәа ргәабзиара ашьақәыргыларазы - х-миллионки хәышә нызқь мааҭ. Ҳазну ашықәс азы ихымҧадатәу амедицинатә ҧгаҧса афонд аҟнытә акьыба чымазара змоу ахимиатерапиа рзыҟаҵара иазоужьхоит ҩынҩажәи жәаф миллиони быжьшә нызқьмааҭ аҧара. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31