АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aшәахьа, 18 Хәажәкыр 2024

Aшәахьа, 18 Хәажәкыр 2024 23:40

Амшеикәшара 18.03.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ақьырсиан динхаҵаҩцәа аҿбаара иахьынӡаҵоу ауахәама аҿы имҩаҧысуа амаҵзурақәа ирҭаауеит, Анцәа иҳәоит,рыгәнаҳақәа рхырхырц Анцәа иашьапкуеит, ичгачысым агьама рбаӡом. Ари ачгара цалоит Амшаҧныҳәанӡа. Шьазина Ханагәаҧҳа дазааҭгылоит ақьырсианцәа рҵас хада.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иҭаҳҵаауеит, иҳахьчоит, игәнаҳкылоит! Аҧсны аҟазара иазку ашколқәа рыбжьара аконкурс мҩаҧысит Аҟәа. Уи иалахәын ақалақьтә школқәа хәба рҵаҩцәа. Аицлабра еиҿнакааит аҳҭнықалақь ахадара иатәу амуниципалтә усбарҭа «аҵарадырра анапхгара». Амра Зарандиаҧҳа ажәабжь ҳзеиҭалҳәоит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Заур Иван-иҧа Шьалашьаа иаалырҟьаны идунеи ахьиҧсахыз гәалсра дула ирыдыркылеит дыздыруаз, аус ицызуаз зегьы. Заур Шьалашьаа Аҟәатәи иаарту аинститут аректор ихаҭыҧуаҩыс дыҟан. Аҧсны аекономикеи азини ринститут деиҳабын.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31