АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхаша, 13 Хәажәкыр 2024

Aхаша, 13 Хәажәкыр 2024 23:47

Амшеикәшара 13.03.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 13 Хәажәкыр 2024 23:41

"Поедем поедим" Аҧсны иаҭааит

НТВ аканал аҿы ицо, ахәаҧшцәа рацәаҩны измоу ари адырраҭара аҧызҵо ҳтәыла иахьазҿлымҳау хҭыс бзиоуп. Уажәазы хықәкыс ирымоу, аҧсуа чысхкқәа рыҟаҵашьа адагьы, макьаназ иӡыргам аҭыҧ ҧшӡарақәа рҭаара ауп. Аҧхынра зегьы аҧсшьаҩцәа Аҧсны радыҧхьаларазы ари адырраҭара цхыраагӡоуп. «Поедем поедим» аҭыхрақәа шымҩаҧысуаз ҳанҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уаҟа академиа иҳаҩсыз ашықәсазтәи аҭҵаарадырратәи аиҿкааратәи усурақәа рҳасабырба ҟаҵан. Ҩнызқьи ҩажәи ҩба шықәсазы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҩажәи хәба шықәса ахыҵра аҳаҭыраз иаҧҵаз академиа ахьтәы медал ианашьан Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа раҧхьатәи апрезидент Шота Арсҭаа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи аҿы апоет инысымҩеи ирҿиареи иазааҭгылеит. Аусмҩаҧгатә Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи И.Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекеи еицымҩаҧыргеит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Заҧхьаҟа ишәҟәыҩҩхараны иҟаз Иуа Коҕәониа дхәыҷаахыс жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа дрызҿлымҳан. Урҭ роуп анаҩс иҩымҭақәа шьаҭас ироузгьы. Иуа Коҕониа аҵара иҵон Кәтолтәи абжьаратә школ аҿы, арҿиарахь агәазыҳәара ахьизцәырҵызгьы ари ашкол аҭыӡқәа рҿоуп. Арҿиаҩы игәаларшәара иазкыз ахәылҧазгьы мҩаҧган иара ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратә школ аҿы. Уи рхы аладырхәт ашәҟәыҩҩы иҭынхацәа аҵара аминистрра , Очамчыра ароион ашколқәа рырҵаҩцәа, ақыҭа ауааҧсыра

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31