АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҩаша, 05 Хәажәкыр 2024

Aҩаша, 05 Хәажәкыр 2024 07:10

Амшеикәшара 04.03.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи иалахәын Сергеи Уасил – иҧа аус ицзухьаз, аҵара ицызҵоз иҩызцәа. Атема иацылҵоит Фатима Гьергьиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ицәырган шә-усумҭак инарзынаҧшуа. Уи еиҿнакааит ақалақь аҵара аусбарҭеи, Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ анапхгареи. Афотоҭыхымҭақәа рыхәҭак аиҿкааҩцәа ирзааигеит Сергеи Багаҧшь иҧа, Зураб Багаҧшь. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорресспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь изку аусмҩаҧгатә мҩаҧысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Афоие аҟны иаартын иҧсҭазаара атәы узырбоз афотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа. Атеатр ашҟа имҩахыҵыз идырбан Сергеи Багаҧшь иҧсҭазаареи иусуреи рҭоурых атәы зҳәоз адокументалтә фильм. Аизара иалахәыз рҿаҧхьа дықәгылеит Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Ахада Аслан Бжьани, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, аҧыза-министр Александр Анқәаб , Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба , аминистрцәа , адепутатцәа ,ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин , Аахыҵ Уаҧстәыла аҩбатәи ахада Едуард Какоиты, Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин ,ауаажәларра , аибашьра аветеранцәа ,Сергеи Уасил-иҧа иҭынхацәа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь анышә дахьадамадоу Џьгьарда ақыҭан игылоу ибаҟа амҵан .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Хәажәкыра ҧшьба рзы Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа, Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ- Уаҧстәыла аҩбатәи Ахада Едуард Кокоиты,Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Костантин Затулин, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа ашәҭқәа шьҭаҵеит – Аҧсны актәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыратәи амемориалтә комплекс аҟны. Ажәабжь иацылҵоит Шьазина Ханагәуаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31