АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aсабша, 02 Хәажәкыр 2024

Aсабша, 02 Хәажәкыр 2024 06:21

Амшеикәшара 01.03.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Имҩаҧысит аҧсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа роркестрқәа ажәахатәи рреспубликатә фестиваль «Аҧхьарца» аконцерт. Есышықәса уи аиҿкаара алыршахоит Иван Кортуа ихьӡ зху жәлар рырҿиара ареспубликатә центр абзоурала.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Хәажәкыра аказы 76 шықәса ихыҵраны дыҟан Мрагыларатәи афронт актәи аполк аҩбатәи абаталион акомандаҟаҵаҩ Нодар Владимир иҧа Чагәаа. Аибашьҩы гәымшәа имшира аҽны, иара дзылгаз Кәтолтәи абжьаратә школ аклассқәа руак ихьыӡ ахҵан. Афырхаҵа дыргәаладыршәеит аибашьра аветеранцәа, ақыҭауаа, ашколхәыҷқәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны атәылахьчара аминистрра аҟны аҭыҧантәи ахыхьчаразы аштабтә ҽазыҟаҵарақәа рлыҵшәа еихыршьаалеит. Аусмҩаҧгатә иалахәын Ашәарҭадаратә Хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы жәлар реизара аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа, араионқәеи амчратә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа. Еиҭеиҳәоит Даур Инаҧшьба

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Очамчыра араион акультуратә хан аҿы Сергеи Багаҧшь иҳәынҭқарратә усура атәы зныҧшуаз афотоцәыргақәҵа еиҿкаан . Анҵамҭа азлырхиеит Амра Зарандиаҧҳа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Хәажәкыра аказы Очамчыра ақалақь имҩаҧысит еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩы , Аҧсны аҩбатәи Ахада , Аҧсны Афырхаҵа , Ахьӡ-Аҧша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Сергеи Уасил –иҧа Багаҧшь диижьҭеи хынҩажәи жәохә шықәса аҵра иазкны агәаларшәаратә усмҩаҧгатәқәа . Урҭ ихы рылаирхәит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа . Арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба , Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба , Аҧыза-министр Александр Анқәаб , Ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа , аиҳабыра , адепутатцәа , ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31