АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aсабша, 16 Хәажәкыр 2024

Aсабша, 16 Хәажәкыр 2024 20:55

Амшеикәшара 15.03.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ахәаҧшцәа даара изыргәырҕьаз . Ражьден Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысит Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа роркестр изаамҭанытәиу аҳасабрбатә концерт. Уи иаҭааит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Абжьаратә ҵараиурҭақәа рҿы атехникатә материалтә ҭагылазаашьа аиҕьтәра , аҵарадырра аизырҳараҿы ацхыраара аҟаҵара , агәабзиарахьчара уҳәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рырҿира рнапы алакуп ахәыҷтәы фонд Иунисеф аҟәатәи аҟәша аусзуҩцәа, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡан Аҧсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы аҵара дырра ахырхарҭала иҟарҵаз аусурақәа ртәы ҳазааҭгылоит анаҩстәи ҳанҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иааизакны, ари аус ҩынҩажәи ҧшьба миллион мааҭ инареиҳаны аҧара ақәхарџьын Гагра араион ахадара абиуџьет аҟнытә. Ажәабжь иацылҵоит Сариа Кәарцхьиаҧҳа

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ари арыцхә инақәыршәаны, ҳҭыхратә гәыҧ аусбарҭа иаҭааит. Аусзуҩцәа инарыгӡо аусурақәеи, аиҵахарақәа ахьрызцәырҵуеи ирызкуп анаҩстәи анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҩеижәи жәеиза шықәса ҵуеит аҧсуа еибашьцәа Аҟәа ақалақь ампыҵахалаҩ иҟынтә ахы ақәиҭтәразы Гәымсҭатәи афронт ала ажәылара еиҿыркааижьҭеи. Ари арыцхә инамаданы, ахәашаҽны, Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, аҧыза-аминистр Александр Анқәаб, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба , Ашәарҭадаратә Хеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Атәыла Ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа,иҭахаз аибашьцәа ранацәа, аветеранцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит аҳҭнықалақь аҿы игылоу аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Хәажәкыр 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31