АЖӘАБЖЬҚӘА

Aхәаша, 01 Хәажәкыр 2024 06:13

Аҧсны аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб ихантәаҩрала имҩаҧысит аиҳабыра реилазаара аилатәара

Акцизқәеи , аҩы злаҟарҵо аалыҵқәеи рганахь ала азакуан аҧсахрақәа алагалоуп .Ишьақәырҕәҕәоуп агәабзиарахьчара сынтәатәи хықәкылатәи аусбарҭабжьаратә программа. Ареспублика Аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа рзы ахәшәқәеи амедицинатә мыругақәеи раахәара иазоужьуп шәи-ҧшьынҩажәи жәаба миллион мааҭ. Аибашьра аинвалидцәа ргәабзиара ашьақәыргыларазы - х-миллионки хәышә нызқь мааҭ. Ҳазну ашықәс азы ихымҧадатәу амедицинатә ҧгаҧса афонд аҟнытә акьыба чымазара змоу ахимиатерапиа рзыҟаҵара иазоужьхоит ҩынҩажәи жәаф миллиони быжьшә нызқьмааҭ аҧара. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 

Media

Архив новостей

« Нанҳәа 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30 31