Арҭ азанааҭқәа алызхуа аҿар маҷуп, амаҭәарқәа зҭиуа арҵаҩцәа рыла ҳмаџьаноуп . Убри аан амаҭәар аинтерес аҵоуп , уи азанааҭ змоу арҵаҩцәагьы усутә ҭыҧда иаанхаӡом . Нас изыхҟьозеи урҭ разымхара ? Ари азҵаара аҭак аҟаҵара рҽазыршәеит ҳкорреспондентцәа .
Рашәарамза жәаҩа рзы Шәача Аӡынтәи атеатр аҟны иқәгылеит Аҧсны жәлар рартист Нинель Бжьаниеи , Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Гулиза Аҩӡбеи афортепианатә дует Пиано Дуо, иара убас Аҧсны жәлар рартист Давид Терзиан напхгара зиҭо аҳәынҭқарратә камертә оркестр. Аконцерт иалахәын ҳҭыхратә гәыҧгьы. Шәахәаҧш Сариа Кәарцхьиаҧҳа иазлырхиаз анҵамҭа.
Рашәарамза 16 рзы, Урыстәыла иазгәарҭоит амедицина аусзуҩцәа рымш. Ари амш аҽны раҳаҭыр рбоит, Гиппократ иҭоуба шьҭазҵоз аҳақьымцәа, амедеиҳәшьцәа, афельдшерцәа. Амедицинатә усзуҩцәа рзаанаҭ есымшагьы ҳаҭыр ақәын . Азанааҭ ҩаӡара ҳаракыла амаҵ азызуа , зҽалызкааз Аҧснытәи амедикцәа ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы аҳаҭыртә шәҟәқәеи амедалқәеи ранашьан. Шәахәаҧш амедицина аусзуҩцәа рыгәҭаны аус зуаз ҳҭыхратә гәыҧ иаздырхиаз анҵамҭа.