АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aшәахьа, 02 Цәыббра 2024

Aшәахьа, 02 Цәыббра 2024 22:01

Амшеикәшара 02.09.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Раҧхьатәи аҵәҵәабжьы дыргеит раҧхьаӡа акәны ашкол ахыбрахь иҩналаз быжь-ҩык ахәыҷқәа рзы. Иҩбахаз- ашкол ҿыцны аҧсы ахарҵеит. Ахыбра акраамҭа иамбацыз аиҭашьақәыргыларатә усуруқәа абеит. Уи аҩыза аҳамҭа ссир ҟаиҵеит зқыҭа гәакьа згәы азыбылуа, зышколтә аамҭақәа гәыкала изгәалашәо, Аҧсны афырхаҵа Заур Зарандиа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уахьиз –уахьааӡаз уқыҭа угәы аназыбылуа акала сацхраандаз ҳәа уазыҳаҵҳаҵоит. Аҳамҭа рзыҧшын Тамшьтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа. Уажәшьҭарнахыс рҵаратә процесс мҩаҧыслоит ҿыц еиҭашьақәыргылоу ашкол аҿы. Ҳаамҭазтәи анормақәа инарықәыршәаны аҩбатәи аихагылаҿы аремонттә усурақәа мҩаҧган. Уи алыршахеит, Аҧсны Жәлар реизара адепутат Резо Занҭариа иҟаиҵаз ацхыраара иабзоураны.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 02 Цәыббра 2024 06:43

Амчыбжь 01.09.2024

00:13 Амҩаҧгаҩ: Сима Аргәынҧҳа

01:02 Амчыбжь шышақәгылаз. Ахҭыс хадақәа рыхҳәаа ааркьаҿны.

06:52 Акырпыжәқәеи ашьынкақәеи ирылоу анитратқәа анорма иахысуама, изеиҧшроузеи рхаҭабзиара ҳџьармыкьаҿы ирҭиуа акәац лыхқәеи егьырҭ аалыҵқәеи? Уи атәы ҳанҵамҭа ҷыдаҿы.

13:13 Ҩ-жәларык еицырзеиҧшу аныҳәа -Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи рхьыҧшымрақәа разхаҵара амш. Иара усгьы еизааигәаз аиашьаратә жәларқәа нанҳәамза ҩажәи фба иҵегьы еиднакылеит. Ауаҧсаа рныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ирылахәын Аҧснытәи аделегациа.

 
Икьыԥхьуп Амчыбжь
Aшәахьа, 02 Цәыббра 2024 06:40

Сабшала 31.08.2024

Иахьатәи ҳҭыжьымҭаҿы

00:20 Амҩҧгаҩ – Сариа Кәарцәьиаҧҳа

01:22 Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Уфа 450 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа ихы рылаирхәит

3:25 Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ишьақәырҕәҕәоуп аҵарашықәс алагара аграфик

3:50 АААК иӡырнагеит апроект ҿыц

7:25 Анхаҩцәа, сынтәа, жәа нызқь тонна рҟынӡа араса аҽаҩра иазыҧшуп

19:15 Аҳҭнықалақь хәылбыҽхактәи аԥсҭазаара ҳанҵамҭақәа руак аҿы

 
Икьыԥхьуп Сабшала
Aшәахьа, 02 Цәыббра 2024 06:37

Амшеикәшара 30.08.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 02 Цәыббра 2024 06:34

Саида Гәынҧҳа лгәаларшәара

Асовет аамҭазы Аҧсны ахьӡ ҭызгаз, Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы аҵәыршәразы араӡны медал зҽаҧсазтәыз, Саида Гәынба, лыҧсы ҭаны дҳалагылазтгьы илхыҵуан ханҩажәи хәба шықәса. Аспорт ду аҿы зыиаҵәахә аанзыжьыз, жәларбажьаратәи акласс змоу аҟаза Саида Гәынҧҳа илҳәалон – «агәырҕьареи, ахьааи, абзиабареи зцыз аспорт хкы- аҵәыршәра- даҽа знык алшара сымазҭгьы ҩаҧхьа санысуан», ҳәа. Шәахәаҧш Саида Гәынба лгәалашәара аҳаҭыразы Наала Чхьынџьериаҧҳа иазлырхиаз анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ашкол ахь ицо хышәи ҩажәа- ҩык ахәыҷқәа шәҵатәылеи шьаҵатәылеи еиқәдыршәеит. Амра Зарандиаҧҳа далахәын ари агәыҳалалратә аус бзиа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Цәыббра 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30