АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aшәахьа, 02 Цәыббра 2024

Aшәахьа, 02 Цәыббра 2024 22:01

Амшеикәшара 02.09.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Раҧхьатәи аҵәҵәабжьы дыргеит раҧхьаӡа акәны ашкол ахыбрахь иҩналаз быжь-ҩык ахәыҷқәа рзы. Иҩбахаз- ашкол ҿыцны аҧсы ахарҵеит. Ахыбра акраамҭа иамбацыз аиҭашьақәыргыларатә усуруқәа абеит. Уи аҩыза аҳамҭа ссир ҟаиҵеит зқыҭа гәакьа згәы азыбылуа, зышколтә аамҭақәа гәыкала изгәалашәо, Аҧсны афырхаҵа Заур Зарандиа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уахьиз –уахьааӡаз уқыҭа угәы аназыбылуа акала сацхраандаз ҳәа уазыҳаҵҳаҵоит. Аҳамҭа рзыҧшын Тамшьтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа. Уажәшьҭарнахыс рҵаратә процесс мҩаҧыслоит ҿыц еиҭашьақәыргылоу ашкол аҿы. Ҳаамҭазтәи анормақәа инарықәыршәаны аҩбатәи аихагылаҿы аремонттә усурақәа мҩаҧган. Уи алыршахеит, Аҧсны Жәлар реизара адепутат Резо Занҭариа иҟаиҵаз ацхыраара иабзоураны.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 02 Цәыббра 2024 06:37

Амшеикәшара 30.08.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 02 Цәыббра 2024 06:34

Саида Гәынҧҳа лгәаларшәара

Асовет аамҭазы Аҧсны ахьӡ ҭызгаз, Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы аҵәыршәразы араӡны медал зҽаҧсазтәыз, Саида Гәынба, лыҧсы ҭаны дҳалагылазтгьы илхыҵуан ханҩажәи хәба шықәса. Аспорт ду аҿы зыиаҵәахә аанзыжьыз, жәларбажьаратәи акласс змоу аҟаза Саида Гәынҧҳа илҳәалон – «агәырҕьареи, ахьааи, абзиабареи зцыз аспорт хкы- аҵәыршәра- даҽа знык алшара сымазҭгьы ҩаҧхьа санысуан», ҳәа. Шәахәаҧш Саида Гәынба лгәалашәара аҳаҭыразы Наала Чхьынџьериаҧҳа иазлырхиаз анҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ашкол ахь ицо хышәи ҩажәа- ҩык ахәыҷқәа шәҵатәылеи шьаҵатәылеи еиқәдыршәеит. Амра Зарандиаҧҳа далахәын ари агәыҳалалратә аус бзиа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла,уи ахьчаразы иаразнак игылаз дыруаӡәкуп Кутол ақыҭа иалҵыз Џьамал Чагәаа.Агәымшәареи агәаҕьреи злаз Џьамал ианашьоуп Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы.Иара иҧсы ҭазҭгьы хынҩажәи жәаба шықәса ихыҵуан, игәаларшәаразы анышә дахьамадоу аҳаҭгәын аҿы ишьҭыхын Аҧсны абираҟ.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Цәыббра 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30