АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aҩаша, 17 Цәыббра 2024

Aҩаша, 17 Цәыббра 2024 08:24

Амшеикәшара 16.09.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа идҵала, Агәмаа лыхьӡ зху, Галтәи актәи абжьаратә школ аҟны аспортзал аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Уи азы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи ҩ-миллиоки жәнызқь мааҭ аҧара азоужьуп. Убасгьы Тҟәарчал араион Галхәыҷы ақыҭаҿы иҟоу актәи абжьаратә школ ашҭаҿы аспорт дәы аргыларазы аусурақәа цоит. Уи азы аа-миллион мааҭ инареиҳаны аҧара ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иныхуп. Аусурақәа рцашьа Амра Зарандиаҧҳа иазлырхиаз анҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Шықәс дуӡӡак иззықәҧоз аиааира ду амш ҩы-мчыбжьа шагыз иҭахаз иреиуоуп Аҧсны афырхацәа ҳәа ахьӡ ҳаракы иаҧсахаз Кутолаа рҵеицәа Заур Сақаниеи Зурик Санӡааи .Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара актәи амш азы рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит . Анышә иахьамадоу рҳаҭгәынқәа рҿы абираҟқәа шьҭырхит ари амш аҽны. Уи рыбзоуроуп Кәтолаа рҵеицәеи аҭыҧантәи анхацәеи. Ажәабжь иацылҵоит Наала Чхьынџьериаҧҳа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Цәыббра 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30