АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхаша, 18 Цәыббра 2024

Aхаша, 18 Цәыббра 2024 10:33

Амшеикәшара 17.09.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҿы имҩаҧысит аҧсуа литература ашьаҭаркҩы иҭаацәа рхаҭарнакцәеи ижәлантәқәеи реиҧылара. Уи аҧшьыргеит амузеи анапхгара. Аиҧылара шымҩаҧысыз, излацәажәоз Заур Кәарҷиа ианҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсныи Урыстәылеи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррақәа еицырзеиҧшу аинформациа-координациатә центр ахыбра лашарала еиқәыршәахоит. Аусурақәа ирылагеит атуристтә сезон анҵәамҭаз. Аусурақәа ирыхҟьаны амҩаду аҿы анеиааира уадаҩхеит. Иҟалеит иаргәамҵызгьы. Шьазина Ханагәаҧҳа иҭылҵаауан ари атема.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа идҵала Џьансыхә Мураҭиа ихьӡ зху Галтәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны ашьапылампыл асырҭа маҷ рзеиҿкаауп. Аусурақәа рзы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи ф-миллионк рҟынӡа аҧара азоужьын. Гал араион аспорт аҿиара иазырхоу аус Амра Зарандиаҧҳа ланҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аладатәи Ешыра ақыҭан ауааҧсыра еиҧҟьарада ӡыла реиқәыршәаразы аӡхагалага астанциа аиҭашьақәыргылара иалагеит . Уи азы Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа идҵаҟаҵарала, ареспубликатә биуџьет аҟынтә иазоужьын 900 нызқь мааҭ аҧара. Иахьазы араҟа иргылоуп ахыбраҿыц, иқәыргылоуп аӡыҭгагақәа ҩба. Ажәабжь ҳзеиҭалҳәоит Фатима Гьергьиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Цәыббра 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30