АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхаша, 25 Цәыббра 2024

Aхаша, 25 Цәыббра 2024 22:03

Амшеикәшара 25.09.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иван Папсқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿ имҩаҧысит ажәеизатәи жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль «Амшын аҧшаҳәаҿтәи анеиааира». Традициак иаҩызахахьоу ари афестиваль хықәкыс иамоуп аҿар ашәҟәаҧхьара абзиабара дыркра, иара убасгьы , апатриотизм рылааӡара, зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ргәалашәара амырӡра, аҿар ирылоу аҟазара аӡыргара. Сынтәа афестиваль адҳәалан Дырмит Гулиа диижьҭеи шәи ҩынҩажәи жәаба шықәса аҵреи, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан игаз аиааира ҩажәи жәеиза шықәса ахыҵреи.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа амҩақәа руак ихьӡ ахырҵеит Ҟарачы- Черкестәылантәи хатәгәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз Мураҭ Куџев. Жәибыжь шықәса зхыҵуаз арҧыс Аҧсныҟа дааит аибашьра ианалага, иан ашәҟәы ҩны илзынижьеит. Усқәак иманы џьара дышцо, хьаас длымкырц хҧа- ҧшьба мшы дшыҟамло ала. Куџев Гәымсҭатәи афронт аҟны деибашьуан, дҭахеит ҧхынгәы ҧшьба, зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаха шықәса рзы. Ианашьан "Агәымшәаразы " амедал.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 25 Цәыббра 2024 21:48

Апарламент асессиа аилатәара

Апарламент адепутатцәа аратификациа азыруит аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭатәии, арбитражтәии ӡбарҭақәа наҟ- ааҟ разхаҵареи рынагӡареи рзы Аҧсныи Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә еиқәышаҳаҭра. Аҧсны аконституциатә закәан ахада иалхразы «Аҧсахрақәа алагалоуп» актәи аҧхьарала. Иара убасгьы адепутатцәа ирыдыркылеит «Ирмариоу ашәахтәқәҵара асистемазы» азакәан. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан жәаф зҵаара. Ажәабжь иацылҵоит Фатима Гьергьиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Цәыббра 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30